Аҭаҭын аалыҵ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа ииаргон

© Фото : Сочинская таможняАҭаҭын аалыҵ аҳәаа изакәанымкәа аиагара
Аҭаҭын аалыҵ аҳәаа изакәанымкәа аиагара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы аҳәаа закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ ахыгаразы ԥшьынтә аҽазышәара ҟаҵан.

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәеи атәылаҿацәтә ҳәаахьчаҩцәеи аҵыхәтәантәи аамҭазы изныкымкәа иаԥдырҟәҟәааит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада аиагара. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Сигареты - Sputnik Аҧсны
Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны ашәҟәы иҭагаламыз аҭаҭын ныркылеит

Жәабран 25 рзы иаанкылан Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахысуаз автомобиль "AUDI-A6". Автомабиль агәаҭараан иаарԥшын акцизтә маркақәа зқәымыз 150 цыра аҭаҭынҭра.

Иара убри амш азы иаанкылан даҽа машьынакгьы: "ВАЗ 21070". Ара аҳазалхыҩцәа ирыԥшааит ашәҟәы ианымыз 50 ҭаҭынҭра.

Жәабран 21 рзы иаанкылан еиҭа ҩ-автомабильк. Урҭ рҟынгьы ииаргон ззин ыҟамыз аалыҵ. МИДК ахархәарала имҩаԥгаз агәаҭара ианахысуаз, автомашьына "CHRYSLER" аҟны иаарԥшын зыӡбахә ырзамыз 275 ҭаҭынҭра. Егьи автомобиль "ВАЗ 21043" аҿы иԥшаан 91 ҭра.

Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Административтә еилагарақәа рганахьала ихацыркуп аа-уск.

Амчыбжь аҩнуҵҟа иааизакны 531 ҭаҭынҭра аҳәаа ахыгаразы аҽазышәарақәа ҟаҵан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0