Афестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысраны иҟоуп

© Foto / Фестиваль "Апсны"Афестиваль "Аԥсны"
Афестиваль Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Аԥсны" асасцәа ироуеит алшара аԥсуа чара рыблала ирбарц, амилаҭтә чыс агьама гәарҭарц, ашкол ҷыдаҿ аԥсуа бызшәа аҵара рҽазыршәарц.

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik. Афестиваль "Аԥсны" ҩынтәуп москватәи апарк "Красная Пресне" аҟны имҩаԥысуеижьҭеи. Афестиваль аатуеит рашәара 30 рзы ҳәа радио Sputnik иазааицҳаит Москватәи аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.

Афестиваль аҿы иӡыргахоит атематикатә павильонқәа. Уи асасцәа ироуеит алшара аԥсуа чара рыблала ирбарц, амилаҭтә чыс агьама гәарҭарц, ашкол ҷыдаҿ аԥсуа бызшәа аҵара рҽазыршәарц.

"Апрограмма ҵыԥх имҩаԥаагаз акыр иеиԥшуп. Знык ак бзианы иануқәҿиалак, аԥсахрагьы уҭаххом. Ҳәарада, аҿыцрақәа алаагалоит. Иаҳҳәап, афестиваль аҿы иҟалоит Аԥсуа-абаза конгресс астенд – адиаспора рыӡбахә еиҭазҳәо. Иаҳҭахуп еицырдыруа аԥсуаа: Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Хьыбла Гьерзмаа ирызку астенд аиҿкаара.

Афестиваль аҿы идырхәмаруеит Аԥсныҟа аара алзыршо амҩақәҵагақәа.

Уажәы аԥсуа диаспора афестиваль "Аԥсны" рҽазыҟарҵоит.

Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Аԥсны" Москва ишымҩаԥысыз

"Адиаспора актив зегьы афестиваль рҽазыҟарҵоит. Иадыԥхьалахоит аволонтиорцәа. Сынтәа урҭ 40-ҩык рҟынӡа иҟалоит. Дара реиҳараҩык Москва аҵара зҵо аԥсуа студентцәа ракәхоит", - иҳәоит Агрба.

Афестиваль "Аԥсны" еиҿкаан 2018 шықәса рзы. Хықәкыс иамоуп Москва ауааԥсыра аԥсуаа рытрадициақәа ддырдырра.

"Аԥсны аӡбахә рыларҵәалатәуп. Еиҳа узеигәырӷьаша аганқәа дырбалатәуп. Иаҳҭаху акоуп - москваа Аԥсны рзаартра. Ҳгәы иҭоуп афестиваль есышықәса имҩаԥысуа аҟаҵара", - иҳәоит Агрба.

Афестиваль "Аԥсны" ҩынтәуп москватәи апарк "Красная Пресне" аҟны имҩаԥысуеижьҭеи. Афестиваль аатуеит рашәара 30 рзы.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны афестиваль иапартниоруп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0