https://sputnik-abkhazia.info/20261118/1067036724.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аибга аганахьала дшазыҟоу еилкаауп, ақыҭа Аԥсны аҵакыра иузаҟәымҭхо хәҭоуп ҳәа рҳәеит атәыла ахада ипресс-маҵзураҿы... 18.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-18T18:01+0300
2026-11-18T18:01+0300
2026-11-18T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/12/1067036558_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1d1c8a997e132e4657492e1f0b3f6cde.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аибга аганахьала дшазыҟоу еилкаауп, ақыҭа Аԥсны аҵакыра иузаҟәымҭхо хәҭоуп ҳәа рҳәеит атәыла ахада ипресс-маҵзураҿы. Аилыркаарақәа ҟаҵоуп асоциалтә ҳақәа рҿы ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Кавказтәи аинвестициатә форум аҿы зконцепциа ӡыргаз ашьхашәҩатә курорт аԥҵахар алшоит ҳәа аҳәамҭа алацәажәара инадҳәаланы. "Аибга Аԥсны аҵакыра иузаҟәымҭхо хәҭаны дахәамԥшуазҭгьы, ақыҭа иахьаҵанакуа зымҽхак ҭбаау апроектқәа рыҿиареи рынагӡареи рзы аԥеиԥшқәагьы дрылацәажәомызт", — аҳәоит атекст аҿы.
Урыстәылеи Аԥсни еицымҩаԥыргоз арратә ҽазыҟаҵарақәа иаадырԥшит архәҭақәа реиҭаҵралшара шыҳараку ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, аҩ-тәылак ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аҩаӡара ҳаракы змоу аинырра шьақәыргылоуп. Арратә усеицурагьы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭа хадақәа ируакны иаанхоит. Иахьа Аԥсны ашәарҭадара еицеиҿыркаауеит Аԥсни Урыстәылеи Рырбџьармчқәа ҳәа азгәеиҭеит ахада, ТАСС аинтервиу аҭо.
Аӡбарҭаҿы рҿахәы рҿырхит Габриела Лахина лышьра аус азы ашаҳаҭцәа. Абҵара 18 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы иҿахәы иҿыхын ахара здырҵо лгәылаԥҳәыси Кристина Лахина илыцынхоз лхаҵа Алиас Ҳаџьымбеи. Ахара здырҵо лгәылаԥҳәыс еиҭалҳәеит ахҭыс аҽны илбаз, иара убас ахәыҷы ахәшәтәырҭахь лгаразы ргәыла Ҳаџьымба ацхыраара даҳәо ибжьы шлаҳауаз атәы. Ҳаџьымбеи Лахинеи АҬАР аҟны рҭаацәа ашәҟәы иҭамгалакәа хаҵеи ԥҳәыси ҳәа еицынхон 11 шықәса. Ахаҵа аӡбарҭаҿы еиҭеиҳәеит Кристина лаҳәшьаԥҳа ааӡара дылгарц шылыӡбаз, избанзар ахәыҷы иахәҭоу ахылаԥшра лымамызт.
Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыбжьара аимадара аҿиареи аусеицура арҭбаареи рзы аплатформа — "Аԥсны адгылаҩцәа ргәыԥ" аԥҵоуп Анкара. Агәыԥ аԥҵаразы имҩаԥган аизара ду, уи иалахәын аԥснытәи аделегациа, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ Вадим Ҳаразиа. Ҳаразиа иажәақәа рыла, аиԥылара еиҿызкааз Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Апарламент адепутатцәа роуп. Аганқәа рылацәажәеит ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аибга аганахьала дшазыҟоу еилкаауп, ақыҭа Аԥсны аҵакыра иузаҟәымҭхо хәҭоуп ҳәа рҳәеит атәыла ахада ипресс-маҵзураҿы. Аилыркаарақәа ҟаҵоуп асоциалтә ҳақәа рҿы ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Кавказтәи аинвестициатә форум аҿы зконцепциа ӡыргаз ашьхашәҩатә курорт аԥҵахар алшоит ҳәа аҳәамҭа алацәажәара инадҳәаланы. "Аибга Аԥсны аҵакыра иузаҟәымҭхо хәҭаны дахәамԥшуазҭгьы, ақыҭа иахьаҵанакуа зымҽхак ҭбаау апроектқәа рыҿиареи рынагӡареи рзы аԥеиԥшқәагьы дрылацәажәомызт", — аҳәоит атекст аҿы.Урыстәылеи Аԥсни еицымҩаԥыргоз арратә ҽазыҟаҵарақәа иаадырԥшит архәҭақәа реиҭаҵралшара шыҳараку ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, аҩ-тәылак ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аҩаӡара ҳаракы змоу аинырра шьақәыргылоуп. Арратә усеицурагьы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭа хадақәа ируакны иаанхоит. Иахьа Аԥсны ашәарҭадара еицеиҿыркаауеит Аԥсни Урыстәылеи Рырбџьармчқәа ҳәа азгәеиҭеит ахада, ТАСС аинтервиу аҭо.Аӡбарҭаҿы рҿахәы рҿырхит Габриела Лахина лышьра аус азы ашаҳаҭцәа. Абҵара 18 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы иҿахәы иҿыхын ахара здырҵо лгәылаԥҳәыси Кристина Лахина илыцынхоз лхаҵа Алиас Ҳаџьымбеи. Ахара здырҵо лгәылаԥҳәыс еиҭалҳәеит ахҭыс аҽны илбаз, иара убас ахәыҷы ахәшәтәырҭахь лгаразы ргәыла Ҳаџьымба ацхыраара даҳәо ибжьы шлаҳауаз атәы. Ҳаџьымбеи Лахинеи АҬАР аҟны рҭаацәа ашәҟәы иҭамгалакәа хаҵеи ԥҳәыси ҳәа еицынхон 11 шықәса. Ахаҵа аӡбарҭаҿы еиҭеиҳәеит Кристина лаҳәшьаԥҳа ааӡара дылгарц шылыӡбаз, избанзар ахәыҷы иахәҭоу ахылаԥшра лымамызт. Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыбжьара аимадара аҿиареи аусеицура арҭбаареи рзы аплатформа — "Аԥсны адгылаҩцәа ргәыԥ" аԥҵоуп Анкара. Агәыԥ аԥҵаразы имҩаԥган аизара ду, уи иалахәын аԥснытәи аделегациа, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ Вадим Ҳаразиа. Ҳаразиа иажәақәа рыла, аиԥылара еиҿызкааз Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Апарламент адепутатцәа роуп. Аганқәа рылацәажәеит ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/12/1067036558_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ffdfa847292dba06a3e2e2d3576be382.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио