АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе иажәахә иаанарԥшуеит ақырҭуа напхгара адунеи ауаажәларра рҿаԥхьа Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа дара ишырҭаху ала ишаадырԥшуа ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа данырԥылоз.
Уи аиԥылара мҩаԥысуан рашәара 12 рзы.
Лавров: Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҿы аҭыԥ арӷәӷәара адгылара аҳҭалоит>>
Ақаҩба иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра Аԥсны амармалташь пты анырҵәаразы 600 нызқь лари азаашьҭуп ҳәа аҳәоит Бахтаӡе иажәахә аҿы.
"Сара ҭакԥхықәра схы иадҵо исҳәоит Аԥсны аиҳабыра Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтәи акгьы шрыдрымкылаз. Ареспубликахь иааз ахәшә зегьы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәоуп иахьаашьҭыз. Урҭ аиҿкаарақәеи Қырҭтәыла абиуџьети ак ракәым", - иҳәеит иара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа агәра диргеит ареспублика аусбарҭақәа ишрылшо амармалташь пты ақәхразы иаашьҭу ахәшәқәа шьаҭас ирымоу адокументқәа рӡыргара.
"Қырҭтәыла аиҳабыра арҭ ахәшәқәа дара ишаарышьҭыз атәы зҳәо адокументқәа рыманы иҟазар, ицәырыргар ҟалоит", - иҳәеит аминистр.
Ақаҩба иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Аԥсны ахы ианархәоит атәылаҩнуҵҟатә политикатә еиҿагылараҿгьы ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла иахьагьы ахы ианархәоит аоппозициатә партиа "Европейская Грузия" иаԥнаҵаз асанкциатә сиа Оҭхозориа-Татунашвили (Қырҭтәыла атәылауаа рганахьала еиуеиԥшым ацәгьоурақәа харас издырҵо ахаҿқәа рсиа - аред.).
Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩы Хаику Мамо иҳәеит аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд аан еиуеиԥшым азҵаарақәа ишрылацәажәахо.
Двинианин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: Мраҭашәараа Аԥсны аӡбахә днарҳауеит>>
"Иҟоуп ҳазлацәажәаша ахырхарҭақәа рацәаны, аформат МПРИ апроблемагьы абрахь иналаҵаны", - иҳәеит иара.
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымзазы.