Атанкрныҟәцаҩцәа акомпиутертә тренажиорқәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

© Foto / Пресс-служба ЮВОАтанкрныҟәцаҩцәа акомпиутертә тренажиорқәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит
Атанкрныҟәцаҩцәа акомпиутертә тренажиорқәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авиртуалтә ҵакыраҟны иаарԥшуп "аибашьра асахьа", ашықәс аамҭа, аҳауатә ҭагылазаашьа, араион адгьылқәыԥшылареи аҳауатә ҭагылазаашьеи азԥхьагәаҭо.

АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аракетатә комплексқәа (ПТУР) роператорцәеи атанкистцәеи ҳаамҭазтәи акомпиутортә тренажиорқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ҳәа ааицҳауеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Авиртуалтә ҵакыра иаанарԥшуеит "аибашьра асахьа", ашықәс аамҭа, аҳауатә ҭагылазаашьа, араион адгьылқәыԥшылареи аҳауатә ҭагылазаашьеи азԥхьагәаҭо. ПТУР аоператорцәа амониторқәа рҟны ирбарҭоуп аракета аԥырра атраекториа, адгьылтәи аҳауатәи хықәкқәа реиҭанеиааира, урҭ рхышәа-ҵышәа, рыхарара, рааигәара.

Уи адагьы атренажиорқәа иалдыршоит агхақәа рбара, "аибашьра" аҭагылазаашьа аԥсахра.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа реиҭныԥсахлара мҩаԥысит>>

Ҳаамҭазтәи атренажиорқәа иалдыршоит харџьда аҽазыҟаҵара, аҭагылазаашьа аҭҵаара.

Ашықәс иаалагазар, Т-72Б3 рекипаж иатәу 200-ҩык атанкистцәеи ПТУР "Штурм-С" аоператорцәеи акомпиутортә тренажиорқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа ирхысхьеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0