Енри Агрба Напышьашәалатәи аиқәԥаразы адунеи дачемпионхеит

© SputnikЕнри Агрба
Енри Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
FCF-MMA аверсиала Напышьашәалатәи аиндаҭлараз адунеи ачемпионат мҩаԥысит Кисловодск, рашәара 23 рзы.

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи абоксиор Енри Агрба FCF-MMA аверсиала напышьашәалатәи аиндаҭлараз адунеи дачемпионхеит. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит аспортсмен ихаҭа.

"Хынтә сықәгылеит. Ақәгыларақәа зегьы мышкы имҩаԥысуан. Ашьыжь асааҭ 8:00 рзы азал ахь ҳнеихьан. Аԥхьа синдаҭлон Киргизиатәи аспортсмен. Очкола сиааит. Аҩбатәи ақәгылараан синдаҭлон Даӷьсҭантәи аспортсмен. Афинал аҿы урыстәылатәи аспортсмен синдаҭлон. Аҩбатәи араунд аҿы сиааихьан", - еиҭеиҳәоит Енри Агрба.

Адунеи ачемпионат ахь: Енри Агрба Кисловодск иқәгыларақәа иҽрызирхиоит>>

Аспортсмен иажәақәа рыла, дызцықәгылоз зегьы даара иазыҟаҵан.

FCF-MMA аверсиала Напышьашәалатәи аиндаҭлараз адунеи ачемпионат мҩаԥысит Кисловодск, рашәара 23 рзы.

Уаанӡа Енри Агрба 2018 шықәса рзы FCF-MMA аверсиала адунеи ачемпион ититул иоухьан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0