АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Женеватәи аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд алахәылацәа аҳәамҭа ҟарҵеит аиҿцәажәарақәа еиҳа хра рыманы иҟаларц азы азнеишьа ҿыцқәа рзыԥшаатәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
"Араунд амҩаԥысраан алахәылацәа еицҿакны ирҳәеит аиҿцәажәарақәа еиҳа хра рыманы иҟаларц азы азнеишьа ҿыцқәа рзыԥшаатәуп ҳәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа еицыҟарҵар шакәу азгәарҭеит. Уи Қырҭтәылеи Аԥсныи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз раԥхьатәи шьаҿахоит ҳәа ахырҳәааит. Аха убри аан аганқәа ирылымшеит ҿырҳәалатәи аҳәамҭа атекст акомпромисстә вариант адкылара, убри азы иазыԥхьаӡан жьҭаара 8-9 рзы имҩаԥысраны иҟоу изаамҭанытәиу араунд аҟынӡа атекст аус адулахаларц ҳәа азгәарҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ.
Аԥсныи Қырҭтәылеи, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаақәа рҟны аҭагылазаашьақәа ртәы акәзар, аиԥылара алахәылацәа реиҳараҩык Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысырҭаҟны аамҭалатәи аԥкрақәа агәыҵха рызцәырнагеит, ааԥхьарагьы ҟарҵеит излалшо ала иаарласны аҳәаа аартхарц азы.
Ақаҩба: ҳшәарҭадара ашьақәырӷәӷәароуп иаҳҭаху>>
Аԥсуа дипломатцәа иазгәарҭеит асеиԥш аӡбара адкылара ҵаҵӷәыс иамоу Қырҭтәыла имҩаԥысуа амассатә қәгыларақәа шракәу. Инаҵшьны ирҳәеит аԥкрақәа аамҭалатәи аҟазшьа шрымоу.
Уи адагьы аԥсуа ган азхьаԥшра арҭеит Қырҭтәыла апарламент адепутат Акаки Бобохиӡе Апарламентбжьаратә Ассамблеиаҿ дықәгыланы Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥигахьо ауаҩшьрақәа дахьрылацәажәоз. Дара убасгьы ирҳәеит Аԥсны арратә прокуратура абри аҳәамҭа аганахьала аусҭҵаарақәа шымҩаԥнаго.
"Аԥсуа ган Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит Акаки Бобахиӡе 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы имҩаԥигоз ацәгьоурақәеи иара аимак ахаҭа иалахәреи рыҭҵааразы акомиссиа ҷыда аԥырҵарц", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи аҽазныкгьы агәҭынчымра аадырԥшит НАТО Қырҭтәыла имҩаԥнаго активтә усура, ирҳәеит уи арегион ашәарҭара ишҭанаргыло.
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала имҩаԥыргеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд.