https://sputnik-abkhazia.info/20261106/1066803803.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵоижьҭеи 48 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит. 1978 шықәса абҵарамза 6 рзы аԥсышәала раԥхьатәи аефир... 06.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-06T13:01+0300
2026-11-06T13:01+0300
2026-11-06T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/06/1066803637_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3891c31f61dfe7e2e5e37ca779928b5a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵоижьҭеи 48 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит. 1978 шықәса абҵарамза 6 рзы аԥсышәала раԥхьатәи аефир ахь ацәырҵра аҭоурыхтә ҵакы змоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны акрызҵазкуа хҭысны, ҳажәлар рзинқәеи рмилаҭ хаҿра аиқәырхареи рзы ақәԥараҿы еихьӡара дуӡӡаны иҟалеит ҳәа азгәеиҭеит Гәынба. "Амилаҭтә телехәаԥшра ԥсахрада абри аамҭа зегьы аҩнуҵҟа иалшеит ҳажәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи ринтересқәа зыхьчо, ҳтәыла аԥсҭазаара саркьаҵас изныԥшуа, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳбызшәа, ҳҭоурых-культуратә ҭынха, ҳатрадициақәа реиқәырхаразы ихадоу маруганы аҟалара", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы. Иара убас, Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа журналистика аветеранцәа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа жьҭаарамзазы атәылауаҩра аиуразы 625 рзаҳал аус рыднаулеит. Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иажәақәа рыла, агәаран дуқәа рзы ашшыԥхьыӡқәа иоуан иусурахь даннеи раԥхьатәи амшқәа инадыркны. Аԥхын агәаран иқәгылан 3000-ҩык инареиҳаны ауаа, адҵа ықәыргылан, уи иахьынӡазалшо ала аркьаҿра. Аихшьаалақәа рыла, рашәарамзазы 120 рҟынӡа рзаҳал рыдыркылозҭгьы, цәыббрамзазы урҭ рхыԥхьаӡара 400 рҟынӡа ихалеит, жьҭаарамзазы еиҳагьы еиҳахеит. Гладков иҳәеит ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рыдагьы ари аус рнапы шалаку "Росатом" аҟазауааи ААУ астудентцәа- аволонтиорцәеи.
2026 шықәса 8 мзы рыҩнуҵҟа Урыстәыла алалараз азин рымырхит 260 нызқьҩык инареиҳаны амигрантцәа. Уи 75,8% рыла еиҳауп 2025 шықәса, иара абри аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы аасҭа ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин, Урыстәыла АҩАР адыррақәа шьаҭас иганы. Иара иажәақәа рыла, атәыла алалара мап ацәкра аиҳарак Урыстәылантәи административтә ықәцареи ахырҵәареи ирыдҳәалоуп. Володин иргәалаиршәеит уажәшьҭарнахыс аҳәаанырцәуаа атәыла ралцара шазгәаҭоу административтә зинеилагарақәа рзы УА Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 ала, ахәҭаҷ 22 ацынхәрас.
Пицунда амаининг азы амаругақәа рымырхит.Аферма ацитрустә совнхара аҵакыраҿы, уаҩ дахьнымхо ахыбраҿы ишьҭан ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Зынӡа ирымхуп аппаратқәа 9, урҭ рахьынтә 4 афымцаҳа иаҿакын. Амаругақәа рыԥшәма – Пицунда инхо Сергеи Потиомкин.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵоижьҭеи 48 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит. 1978 шықәса абҵарамза 6 рзы аԥсышәала раԥхьатәи аефир ахь ацәырҵра аҭоурыхтә ҵакы змоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны акрызҵазкуа хҭысны, ҳажәлар рзинқәеи рмилаҭ хаҿра аиқәырхареи рзы ақәԥараҿы еихьӡара дуӡӡаны иҟалеит ҳәа азгәеиҭеит Гәынба. "Амилаҭтә телехәаԥшра ԥсахрада абри аамҭа зегьы аҩнуҵҟа иалшеит ҳажәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи ринтересқәа зыхьчо, ҳтәыла аԥсҭазаара саркьаҵас изныԥшуа, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳбызшәа, ҳҭоурых-культуратә ҭынха, ҳатрадициақәа реиқәырхаразы ихадоу маруганы аҟалара", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы. Иара убас, Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа журналистика аветеранцәа. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа жьҭаарамзазы атәылауаҩра аиуразы 625 рзаҳал аус рыднаулеит. Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иажәақәа рыла, агәаран дуқәа рзы ашшыԥхьыӡқәа иоуан иусурахь даннеи раԥхьатәи амшқәа инадыркны. Аԥхын агәаран иқәгылан 3000-ҩык инареиҳаны ауаа, адҵа ықәыргылан, уи иахьынӡазалшо ала аркьаҿра. Аихшьаалақәа рыла, рашәарамзазы 120 рҟынӡа рзаҳал рыдыркылозҭгьы, цәыббрамзазы урҭ рхыԥхьаӡара 400 рҟынӡа ихалеит, жьҭаарамзазы еиҳагьы еиҳахеит. Гладков иҳәеит ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рыдагьы ари аус рнапы шалаку "Росатом" аҟазауааи ААУ астудентцәа- аволонтиорцәеи. 2026 шықәса 8 мзы рыҩнуҵҟа Урыстәыла алалараз азин рымырхит 260 нызқьҩык инареиҳаны амигрантцәа. Уи 75,8% рыла еиҳауп 2025 шықәса, иара абри аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы аасҭа ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин, Урыстәыла АҩАР адыррақәа шьаҭас иганы. Иара иажәақәа рыла, атәыла алалара мап ацәкра аиҳарак Урыстәылантәи административтә ықәцареи ахырҵәареи ирыдҳәалоуп. Володин иргәалаиршәеит уажәшьҭарнахыс аҳәаанырцәуаа атәыла ралцара шазгәаҭоу административтә зинеилагарақәа рзы УА Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 ала, ахәҭаҷ 22 ацынхәрас. Пицунда амаининг азы амаругақәа рымырхит.Аферма ацитрустә совнхара аҵакыраҿы, уаҩ дахьнымхо ахыбраҿы ишьҭан ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы. Зынӡа ирымхуп аппаратқәа 9, урҭ рахьынтә 4 афымцаҳа иаҿакын. Амаругақәа рыԥшәма – Пицунда инхо Сергеи Потиомкин.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/06/1066803637_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_922ec82166ff4b2fd633c2735e1f13e3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио