Аԥснытәи акарпыжәқәа рхыхра иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи акарпыжәқәа рхыхра иалагеит
Аԥснытәи акарпыжәқәа рхыхра иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҿы иазыԥшуп 2000 тонна рҟынӡа аҽаҩра аиура.

АҞӘА, ԥхынгәы 17– Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҿы раԥхьатәи акарпыжәқәа рхыхра иалагеит ҳәа арадио Sputnik иазааицҳаит араион ақыҭанхамҩатә ҟәша аиҳабы Рафик Григориан.

Абыхәба: ҳанхацәа раарыхра анырзымҭилак, ргәы каҳаны адырҩашықәсан иҟарҵом

"Макьаназы заатәи аҽаҩроуп еизыркуа. Иара аамҭа ԥхынгәы анҵәамҭеи нанҳәа алагамҭеи роуп. Амҩа иахьаԥну анхацәа раарыхрақәа рыҭира иалагеит. Кьылак 25 мааҭ рҟынӡа иаԥсоуп. Аахәаҩ изы уи бзиоуп. Сгәы иаанагоит 15-20 мшы рышьҭахь 20 мааҭ рҟынӡагьы илаҟәып ҳәа", – иҳәоит Григориан.

Сынтәа аарион аҿы акарпыжәи ашьынкеи ирыҵаркуеит 25 гектар адгьыл.

"Аҩныҵҟатә џьармыкьа ахьыҭбаам, насгьы анҭыҵынтәи иахьаарго азы аҭыԥантәи ауааԥсыра рацәак ари аус ргәы рзақәкуам. Ҵыԥх аалыҵ рацәа ԥхасҭахеит иахьырзымҭиз азы", - еиҭеиҳәоит иара.

Сбор арбузов и дыни в Адзюбже - Sputnik Аҧсны
Ацәаҳәеилаԥсатә: Аӡҩыбжьа ақыҭан акарпыжә шҿырхуа

Очамчыра араион аҿы амҟәыбыртәқәа 160 гектар адгьыл рыҵаркуеит, иазыԥшуп 2000 тонна рҟынӡа аҽаҩра ҳәа иҳәоит Очамчыра араион ахадара аекономикеи ақыҭанхамҩеи рыҟәша аиҳабы Ешсоу Гәыргәлиа.

"Аамҭа ҳақәшәаны иҟоуп. Аҽаҩра шыбзиахо убартә иҟоуп. Аԥхьаҵәҟьа акыр ишоуран, аха иааидкыланы ак уҳәартә иҟам. Акарпыжә рзылоуп Кындыӷ, Баслахә, Ԥақәашь", - иҳәеит иара.

Амҟәыбыртәқәа ираамҭоуп ԥхынгәымза инаркны жьҭаарамзанӡа.

Иааухәо акарпыжә акапан 5-6 кьыла еиҳамзар еиӷьуп, аҵыхәа ҩахьазароуп, иааурӷәӷәар абжьы уаҳауа иҟазароуп, ацәаҿы ашәыта ҩеижь амазар уи адәаҿы ишазҳаз унардыруеит.

Ацқьара аԥҟарақәа акарпыжә ахаара агәахәара адагьы ачымазараҿкқәа урцәырыхьчоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0