Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абыхәба: ҳанхацәа раарыхра анырзымҭилак, ргәы каҳаны адырҩашықәсан иҟарҵом

© Foto / предоставлено Дмитрием АбухбаДмитрий Абухба
Дмитрий Абухба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҭыԥантәи аарыхыҩцәа раалыҵ аҭиираҟны ауадаҩрақәа шрымоу.
Абыхәба: анхацәа раарыхра анырзымҭилак, ргәы каҳаны адырҩашықәсан иҟарҵом

"Аӡҩыбжьа наплакык аус зуа аҟынтә шә-тоннак инацны акарпыжә ҭаҳгалахьеит. Аџьармыкьахь инаҳгаша ҳамоуп, аха рыцҳарас иҟоу аалыҵ ԥыҭҩык Урыстәылантәи иааргоит, Қырҭтәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, убри зегьы анеилаҳалак уаарыхра аӡәгьы ииҭахым. Аԥсны иааҳрыхуа ргоит, аха усҟаҩык ауаа рацәам. Ҳанхацәа иаадрыхуа анырзымҭилак, ргәы каҳаны иаҟәыҵуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Абыхәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0