Аԥсны ААР Апрокуратура хада аҿаԥхьа еизеит

© SputnikАԥсны ААР Апрокуратура хада аҿаԥхьа еизеит
Аԥсны ААР Апрокуратура хада аҿаԥхьа еизеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаанкылаз Анзор Ҭарба ишьра иалахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу амилициа аусзуҩцәа рмаҵзурақәа рҟынтәи аамҭала рхы иақәиҭтәын ԥхынгәы 15 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны Апрокуратура хадахь инеиит иаанкылаз Анзор Ҭарба ишьра иалахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу амилициа аусзуҩцәа, рколлегацәа адгылара рырҭаразы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Sputnik Аҧсны
Анзор Ҭарба иԥсра иалахуп ҳәа агәаанагара зызрымоу рмаҵура иамхуп

"Арахь иааиит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, иаанкыло рыуа-рҭахы. Сара адҵа ҟасҵеит еимпырц азы. Апрокуратураҿы аус ҳалацәажәеит. Аус ишахәҭоу еиԥш азакәан ҟазшьа аманы имҩаԥысуазароуп", - иҳәеит аминистр.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаустәԥшаара аусбарҭа аоперативникцәа рганахь ала Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаусҭҵаара хацнаркит ҳәа.

Макьаназы ахҭыс алахәылацәа рыхьыӡқәеи рыжәлақәеи рҳәом аусҭҵаара аинтересқәа инарықәыршәаны ҳәа аанацҳахьан уаанӡа аминистрра.

Иаанкылаз Анзор Ҭарба ԥхынгәы 11 рзы иԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0