"Амцеимдара", "амцаҿаҳәара": ахәышҭаарамца иадҳәалоу аҵасқәа

CC0 / / Камин
Камин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рыбжьара ахәышҭаара ҿымцәаарц азы имҩаԥыргоз акыр зхыҵуа аритуалқәа дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳмилаҭ рҿы амцеи ахәышҭаареи иааныркыло аҭыԥ, насгьы урҭ ирыцу абзиареи ахәарҭареи инымҵәаӡоу атемақәа ирхыԥхьаӡалатәуп.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Цәгьамзар бзиа ҟазымҵоз: ажәытәра иагаз ахәышҭаара анцәахәы - Ҿаԥ изкны

Ҳаамҭазы амца аиқәҵара, ахылаԥшра рацәак ауадаҩра ацым. Аҩны еиԥш анҭыҵгьы ҳҩызцәа-ҳҭынхацәа ҳрыцны аԥсабарахь ҳанцо, ахәыҟаҵараҿы зда ԥсыхәа ыҟам амца ихы мыргәаҟӡакәа еиқәиҵар илшоит дарбанызаалак. Амцеиқәҵаразы ахархәагақәа меигӡарахда иҟоуп, асԥычкақәа инадыркны абылтәы аҟынӡа. Абылтәы нақәуҭәеит аԥырқьҳәа амца неиқәуҵеит.

Аха шәазхәыци, ажәытә ари аҩыза амазеи аныҟамыз аҩны иныҩнымҵыр, аџьа зымбар амуаз ауаа рхәышҭаара ахылаԥшра шыуадаҩыз. Ҳрызхьаԥшып ажәытә ҳажәлар рыхныҟәгашьа иахәҭакыз фактқәак.

Амца ахкқәа, аиқәҵашьа

Аҵарауаҩ, афольклорист Цира Габниаԥҳа лыстатиақәа руак аҟны далацәажәоит ажәытәан аԥсуаа рымца аиқәҵашьеи амца ахкқәеи.  Хадаратәла Габниаԥҳа иалылкаауеит ашьанҵамца, амзамца, арасамца, "Афы имца".

  • Ашьанҵамца. Аихымцеи ашьанҵеи еихьшьуа ацәымса иахьдырсуан, убра ицәырҵуаз амцабз абзоурала амца еиқәырҵон. Азгәаҭа: "Ацәымса" иҟьаҟьаӡа, ишкәакәаӡа аҵлаҿы иаанахәоит, еиҳараӡак амжәа ҵлеи ал ҵлеи рҿы. Ажәытәан амца аиқәҵараҿы рхы иадырхәон.
  • Амзамца. Хара ныҟәара ицоз, ашьха арахә казцоз, шәарыцара ицоз амзаҵла амахәқәа рџьыба иҭарҵон. Избан акәзар, амзаҵла амахәқәа ҩба реихьшьрала амца еибадыркуан.
  • Арасамца. Арасамца аиқәҵаразы иаҭахәуп араса амахәқәа ҩба. Урҭ араса амахәқәа акыраамҭа еихьшьуа, иршны амца еибадыркуан. Ас еиқәырҵоз амца "Арасамца" ахьӡын.
  • Афы имца. Адыд-мацәыс зысыз аҵла аԥсуаа рҟны ашьапы иныҵакны ихҵәаны, наҟ хара инаганы ишьҭарҵоит аамҷыдарахаз "Афы имца" заахаз амца иақәырҵомызт. Аха адыд-мацәыс зысыз аҵла амца акызар, уи амца аҿыган ахәышҭаараҿы амца алеиқәҵара бзиоуп ҳәа азырыԥхьаӡон.
Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
"Ахнышьыр аҵгара", мамзаргьы аԥсуа хәышҭааразы азгәаҭақәак

Ҵабыргыҵәҟьан, аԥсуа иҩнра иагәу-иаԥсу ахәышҭаарамца аҿыцәаара абзиара иазҳәам. Аҩны-агәара ашә акуеит, аҿиара ҟалом. Убри аҟнытә, ахәышҭаарамца еснагь хылаԥшра ҷыда арҭон. Акәиц еснагь аԥсы ҭазар акәын.

Ажәытә аахыс аԥсуаа рыбжьара ахәышҭаара ҿымцәаарц азы имҩаԥыргоз акыр зхыҵуа ритуалқәоуп "Амцеимдара", "Амцаҿаҳәара".

Амца еимыздоз, ишеимырдоз

Амца еимырдар алшон аигәылацәа, ҳаҭыр еиқәызҵоз ауаа. Амшшьарақәа раан амца аимдара зынӡа иҟаломызт. Иара убас, иазгәаҭатәу, еизыуаамыз амца шеимырымдоз.

"Зымшьҭа цәгьоу", "зылаԥш бааԥсу", "знапы бзиам" ихәышҭаара амца аҿыргомызт, рҟнытә амца иҭарагьы рҭахцәамызт. Аха ирымҭар ада ԥсыхәа анырмоулак (иаҳҳәап, имца ыцәан хаҭала дааины амцажәла даҳәазар) аҭаацәа рымшра имгарцаз амца зкыз кәасҭхак налхны кәиц цырақәак налыршәшәаны ахәышҭаараҿы икарԥсон "Умшра ара иҟоуп", мамзаргьы "Ҳамцахә ҳаҩны иҟоуп" – ҳәа хынтә иҳәаны амцажәла иаҳәаз ирҭар ҟалон, усҟан ԥырхага роуамызт.

Амцаҿаҳәара

Аҭаацәа русқәа аныҟарҵалак, уахынла ианышьҭалоз аламҭалаз руаӡә ахәышҭаараҿы дааины амҿқәа дырнаха-ааханы ихәажжаӡа иҟаз акәицқәа ахәа рықәыԥсаны иҭарыҳәҳәон, ма даҽакала иуҳәозар "амца ҿарҳәон". Иахьа уажәраанӡагьы "амцаҿаҳәара" ақыҭақәа рҿы иубар улшоит. Ахәышҭаарамца ахылаԥшра идын аҭаацәара иреиҵбыз, ма аҭаца. Урҭ рахьтә ашьыжь иҩагылаз, ахәа зқәыԥсаз акәиц хәажжақәа аарԥшны, афархь ҩақәа нақәҵаны дҩаҭәҳәон аҟароуп, аԥырқьҳәа амца ҩеибакуан. Ауаҩы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны инхарҭа ҭыԥ иԥсахуазтгьы, уаанӡатәи ихәышҭаара амца аҿыганы, имырцәакәа инхарҭа ҭыԥ ҿыц аҟны амца алеиқәиҵон. Ус ҟазҵаз наунагӡа "имцахә ыцәаӡом" рҳәон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0