Гагра аҭыԥ змаз амҩатә машәыр ааха знаҭаз ауаа ахәышәтәырҭа илырҩааит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота скорой помощи и Центра медицины катастроф в Тамбове
Работа скорой помощи и Центра медицины катастроф в Тамбове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 12 рзы гагратәи атоннель аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны иҭахеит хҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Твертәи аобласт ауааԥсыра, амҩатә машәыр аҟны аахақәа зауз ахәышәтәырҭа илырҩааит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

"Гагра атоннель аҟны амҩатә машәыр аан ааха зауз Твертәи аобласт ауааԥсыра иацы ахәышәтәырҭа илаҳҩааит", - иҳәеит Аргәын.

Ааха зауз Твертәи аобласт ахь инаган ԥхынгәы 22 рзы ҳәа аҳәоит арегион аиҳабыра рсаит.

"Гагра амҩатә машәыр аан аахақәа зауз рԥыларазы ԥхынгәы 22 рзы Москватәи аобласт, Домодедово аҳаиртә баӷәазахь инашьҭын ацхыраара ласы амашьынақәа ҩба апсихологи аҳақьымцәеи рыцны", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ԥхынгәы 12 рзы Гагра иҟалаз амҩатә машәыр иалахәын автомашьынақәа Honda Fit, Volkswagen. Абри аан иҭахеит Сыктывкар инхоз (1953 шықәса рзы ииз) ауаҩԥси Аҟәа ақалақь аҿы инхоз Павел Милтониани (1953 шықәса рзы ииз). Амҩатә машәыр иалахәыз зегьы гагратәи ахәышәтәырҭахь инаган. Урҭ рҟынтәи хәҩык туристцәоуп.

Автомашьына Honda Fit аԥсҟы зкыз Саид Вазиев гагратәи ахәышәтәырҭахь днаган иҭагылазаашьа хьанҭаны. Иара иаразнак аоперациа изуны Ареспубликатә хәышәтәырҭа анеирохирургиа аҟәшахьы Аҟәаҟа диаган. Ачымазаҩ иҭагылазаашьа акыр ихьанҭоу ҳәа ахәшьара арҭон аҳақьымцәа.

Аамҭақәак ааҵхьаны Гагра амҩатә машәыр иалахәыз, автомашьына Honda Fit аԥсҟы зкыз Саид Вазиев ахәышәтәырҭаҿы игәы аангыланы дыԥсит, абри атәы Sputnik иазааицҳаит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0