Аԥсны АҶА аусзуҩ Никита Габниа иӡааҟәрылоз урыстәылатәи атурист деиқәирхеит

© Sputnik Ацәқәырԥеисра
Ацәқәырԥеисра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса аԥхын иалагӡаны амшын аҟны иӡааҟәрылахьеит хҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Аԥсны АҶА Зышәагаа маҷу ашхәақәа рзы аҳәынҭинспекциа аинспектор Никита Габниа Аҟәа амшын аҿы деиқәирхеит урыстәылатәи атурист. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу ашхәақәа рзы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

Иара иажәақәа рыла, ари ахҭыс ҟалеит Гагра амашәыр аныҟалаз амш аҽны.

"Абри аҽны ҳусзуҩцәа Гагра аус руан. Ара иҟаз сареи Зышәагаа маҷу ашхәақәа рзы аҳәынҭинспекциа аинспектор Никита Габниеи ҳакәын. Аҭел ала адырра ҳауит Алашарбага араион аҿы ауаҩы ихараны амшын иҽагәылеихалеит, аӡхыҵрагьы илшом ҳәа. Ҳаӡхәыҵалаҩцәа зегьы Гагра иҟан. Уи адагьы атехника ҷыдагьы ҳамамызт, аха иареи сареи аҭыԥ ахь ҳнеии", - иҳәеит иара.

Аҭыԥ аҿы даабеит 200-300 метра аҟәара иацәыхараз ауаҩы.

"Иубаратәы иҟан иара дшааԥсаз, шьҭахьҟа аӡхыҵра имч шақәымхоз. Ашхәақәеи агидроциклқәеи зманы иаадыруаз ауаа ҳарзасит, аха амшын ӷәӷәаны еисуан азы мап ацәыркит амшынхылара. Иҳаӡбеит ҳамчқәа рыла иеиқәырхара ҳҽазаҳшәарц. Аинспектор дыӡсаны днеит ахаҵа иҟынӡа. Амшынгьы далигеит. Ари Урыстәыла атәылауаҩ Константин Лубиански иоуп. Ацхыраара имоузҭгьы, имацара дзалҵуа дыҟамызт", - еиҭеиҳәоит Сабуа.

2019 шықәса аԥхын иалагӡаны амшын аҟны иӡааҟәрылахьеит хҩык ауааԥсыра. Сабуа иажәақәа рыла, ареспубликаҿы акадрқәа азхом, иазхом атехникагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0