Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сабуа аӡаҿы ашәарҭадара аԥҟарақәа реилагаразы: ахараԥса иацәшәо рацәаҩхоит

© Sputnik / Илона ХварцкияҬенгиз Сабуа
Ҭенгиз Сабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Избан аӡаҿы ашәарҭадара иақәнагоу аԥҟарақәа хырҩа зрыҭоу, иҟаҵатәузеи ақалақь иаҵанакуа амшын аҟәара иахәҭоу амыругақәа рыла еиқәыршәазарц, абри азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Зышәагаа маҷу амшынӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аӡаҿы ашәарҭадаразы

"Аԥҟарақәа еилазго макьана ахараԥса рыдҵара азин ҳамам. Уажәы уи аус адулара ҳаҿуп. Ахараԥса аршәара ҟалар, аҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа ҳгәы иаанагоит, иацәшәо ҟалап. Знык амыругақәа аахәазар, анаҩс ԥыҭк иузхар алшоит. Аԥсеиқәырхагаҩ даныҟоу, уи иахәҭоу мыругала данеиқәыршәоу, аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхоит. Есышықәса имҩаԥгатәу аусурақәа ируакуп амшын аҵа арыцқьара. Зегь реиҳа еилагоу аԥҟара, аӡҳәаарбага аҟамзаара, уи аԥара рацәа агом, напылагьы иҟауҵар алшоит, аха иара уигьы иақәҿырҭуам. Ирацәаҩуп зынӡа акгьы аҟаҵара зҭахым", - ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0