Аԥсны иргәаладыршәеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҭахаз

© Sputnik / Асмат ЦвижбаАԥсны иргәаладыршәеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҭахаз
Аԥсны иргәаладыршәеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҭахаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 8 2008 шықәса рзы ақырҭуа ар Аахыҵ Уаԥстәыла иажәлеит "Градқәа" рыла иалахысуа.

АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2008 шықәсазтәи ақырҭуа-ауаԥс еимакы иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы нанҳәа 8 рзы.

"Ақырҭуа ар ихәшьадны идырбгон ахәышәтәырҭақәа, ашколқәа, акультуреи аҭоурыхи робиектқәа. Цхинвал еиларыбгон. Иҭахон ауааԥсыра. Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар х-уахахымшк аҿагылара ҟарҵон. Агрессор сааҭқәак рыла атәыла шьаҭанкыла ақәхра шигәҭакызгьы, илымшеит. Ахааназ хашҭшьа амам абарҭ амшқәа рзы ацхыраараз иҳадгылаз аурыс ир рфырхаҵара. Иҭахаз афырхацәа рыхьӡқәа ахааназ кашәара рықәым", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа иҿаҿаӡа ишаадырԥшуа Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ажәытә еиԥш Қырҭтәыла аилазаара иаздырхынҳәырц шагәҭакыз.

"Қырҭтәыла аҭоурых аҿы ари адаҟьа шәытаны иаанхоит. Аҽазышәара аман агеноцид ауаԥс жәлар рганахь алеиԥш ҳара ҳахьгьы. Избанзар зегьы ибзианы еилаҳкаауеит иҟалар зылшоз ахҭықәа. Ҳара еснагь Урыстәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳаҭыр-пату рықәаҳҵоит. Иҭахаз аибашьцәа, аҭынч уааԥсыра, урыстәылатәи аруаа хашҭра рықәымзааит", - иҳәеит иара.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иажәақәа рыла нанҳәа 8 2008 шықәса арегион аҿы абаланс зыԥсахыз рыцхәуп.

"Ақырҭуа ар Аахыҵ Уаԥстәыла ржәылара ҿырԥшуп ақырҭуа агрессиазы. Аԥсны ирыхьыз ашьҭахь ақырҭуа напхгара алкаақәа ҟамҵакәа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа рхы дырхеит. Агәра згоит арҭ аибашьрақәа рхы ыҵызхыз, изырцыхцыхыз аҭакԥхықәра ишақәшәо. Нанҳәа 8 рзы Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ажәҩа аҵанаргылеит, анапы азнархеит. Иахьагьы иҳалшо ҟаҳҵоит Аахыҵ Уаԥстәыла аҿиара аиуразы, жәларбжьаратә еилазаара иазханаҵарц", - иҳәоит иара.

Қырҭтәыла нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы "Градқәа" рыла Аахыҵ Уаԥстәыла алахысра иалагеит, ар аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ар ареспублика иаланагалеит. Москва нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверинитет азханаҵеит.

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи азхарҵеит: Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0