Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩыс зкандидатура ықәгылаз Давид Дасаниа алхрақәа ихы рылаирхәӡом

© SputnikДавид Дасания
Давид Дасания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Давид Дасаниа Аԥсны ахадас зкандидатура ықәзыргылаз Асҭамыр Оҭырба икоманда далахәылан, ахада ихаҭыԥуаҩыс ихьӡ ҳәан.

АҞӘА, нанҳәа 9– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩыс зкандидатура ықәгылаз Давид Дасаниа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит икандидатура шықәиго.

Абри азы иахәҭаны иҟоу ашәҟәы нанҳәа 12 рзы Ацентртә алхратә комиссиахь анагара игәҭакуп.

"Схазы аҽа мҩак збом. Сара исгәаԥхом 80-90% Аԥсны иатәылауаау абазақәа, ачеркесқәа, ҟабардаа, ачеченцәа уҳәа Нхыҵ Кавказ инхо абжьыҭира рхы ахьырзаламырхәуа, Аԥсны аиҭакрақәа гәыла-ԥсыла ишырҭахугьы", - иҳәоит иара.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Аԥснытәи амчрақәа мап ацәыркит аԥсуа жәыәт тәылауаҩшәҟәы змоу ауаа алхрақәа ралархәра.

"Сара ари еилагара дуны сахәаԥшуеит. Ааигәа, сҩыза абаза ҷкәын дааит алхрақәа рҟны адгылара сиҭарацы, итәылауаҩшәҟәгьы иԥсахыр иҭахын, аха уи аиԥш алшара ирымҭеит", - аҳәамҭа ҟаиҵеит Дасаниа.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа аиҳабы Ҭамаз Гогьиа иҳәеит атәыла ахада иалхразы азакәан ажәабатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩыс зкандидатура ықәгылоу ахаҿы икандидатура ақәхра азин имоуп убри азы Ацентртә алхратә комиссиахь ашәҟәы анынеишьҭлак ашьҭахь ҳәа.

"Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩыс зкандидатура ықәгылоу ахаҿы икандидатура ақәхразы Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиахь ашәҟәы неишьҭроуп алхрақәа жәамш иреиҵамкәа ишрыгу. Абри аан ахадас акандидат азин имоуп аҽа кандидатурак ықәиргыларц", - иҳәоит Гогьиа.

Алхратә закәанԥҵара инақәыршәаны ахадас акандидат хымԥада ахада ихаҭыԥуаҩыс акандидатура ықәиргылароуп.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа иахьатәи адыррақәа рыла ареспублика ахада иалхрақәа ирылахәхар ҟалоит 117 000-ҩык алхыҩцәа. Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса нанҳәа 25 рзы.

Аԥсны ахы аҵыхәа иаартхоит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0