Ажәытәра иамгаз: хәышықәса лашарада инхо Онер Қәаранӡиа иҭоурых

© SputnikОнер Қәаранӡиа
Онер Қәаранӡиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәхаҿы ишәзаагома иахьатәи аамҭазы фымцалашарадеи ӡылеиқәыршәарадеи анхара? Ус еиԥш зыԥсҭазаара зхызго дреиуоуп Чхәарҭал ақыҭаҟны инхо Онер Қәаранӡиа. Шәаԥхьа уи диҭааны ибзазара зеиԥшроу еилызкааз Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ианҵамҭа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Чхәарҭал аҵыхәаҿ

Ҳара ҳшәышықәсазы фымцалашарада аԥсҭазаара ахаҿы аагара цәгьоуп. Аамҭа ҿыц иацааз ателехәаԥшреи аинтернети ҳаԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду ааныркылоит. Зны-зынла аамҭа мыцхәы ҳцәыргозаргьы, урҭ иҳарҭоит ажәабжьқәа, ҳдырлахҿыхуеит. Ҳрацәаҩуп аамҭа кьаҿк азы алашара анҳамырхуа зыхшыҩ иахыҵуа, сааҭкгьы ачҳара зцәыбаргу. Усҟан арцәара зхароу џьоукы аӡы иазымыӡәӡәо иааҟаҳҵоит, гәаныла... Зны-зынла аргамагьы...

Ашәаа ргәараҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых

Лашарада сааҭқәак рхыгара ауп сызлацәажәо, аха уажәы Чхәарҭал ақыҭа зегьы ҳалсны ацара ҳахьаҿу аҩнаҟны 20 шықәса раахыс лашарада ауаҩы дынхозаап. Уи ахьынӡаиашоу ҳнеиаанӡа еилкаашьа ҳамам, "ажәлар ррадио" иҳанаҳәаз ауп макьаназы иаҳдыруа.

Аҩны ҳазааигәахо ҳаналага, амҩа аганахьшәа иԥҵәаны икажьыз афымцалашаратә даҷ ҳалаԥш нақәшәеит. Уажәшьҭа ҩашьарада еилкаан ҳахьнеиуа ателехәаԥшыга аҿакны ишаҳзыԥшым, аха уи макьана иаанагаӡом аԥшәма деиқәылашьца дтәоижьҭеи 20 шықәса ҵхьеит ҳәа. Избанзар, маҷк санаахәыц, ари аҩыза адаҷ арсҟаамҭа аӡәы имгакәа инхарымызт ҳәа агәаанагара соуит. Ажәакала, зегь еилкаатәуп аҭыԥ аҟны.

Дук мырҵыкәа ҳназыдгылаз агәашә аҟны даҳԥылеит аԥшәма, Онер Қәаранӡиа. Иара днаҳалагежьны аԥсшәа ааҳаиҳәан, аамҭа мгакәа аҩныҟа ҳааиԥхьеит. Ашҭа ду ҩ-ҩнык ҭагылоуп, акы еихагылак, егьи ҩ-еихагылак змоу. Дара рыҩбагьы макьана ҳмыҩналац, аха адәахьалагьы иубарҭоуп кыр ишажәхьоу, анапы шрыгу. Аҩнқәа рыбжьара, аԥхьаҟа иааскьагашәа игылаз ауардын хәыҷы еихаҷа-маҷақәак анын, иаваԥсан ҳәаҭра бзиак злыҵша аӷәқәагьы. Асасцәа шааз адырызшәа, аҩбатәи аихагыла абарҵаҟынтәи иаҳзыԥшуаз аҳәыс хәыҷы ашацаҳәа иаалбааит. Ҳаҩналеит аҩны.

© SputnikОнер Қәаранӡиа иашҭа иҭоуп ила Шарики иареи рымацара
Ажәытәра иамгаз: хәышықәса лашарада инхо Онер Қәаранӡиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Онер Қәаранӡиа иашҭа иҭоуп ила Шарики иареи рымацара

Жәытәла акрыфара

Ауада хәыҷы адашьма ықәӡам, иқәырҭәоу абетонгьы ԥыҽҽхьеит, џьара-џьара ажрақәа амоуп. Аԥшәма иаамҭа зегьы ари ауада аҟны ишихиго ҩашьом: зехьынџьара икнаҳауп амаҭәақәа, зхыԥхьаӡара рацәам акҿаҩрамаҭәахә зегьы аганахьшәа игылоу аишәа ду иқәуп. Иҳараку даҽа стол хәыҷык зырҭәыз аҳаса-маса рацәа ирылубаауеит ажәытә телехәаԥшыга. Иара уахьаҿаԥшуа кыршықәса аус шамуц аҟара анубаалартә иҟоуп. Ари аҩны афымцалашара амбеижьҭеи кыр шықәса шыҵхьоу арҵабыргуеит аҭуан агәҭантәи икылыҳәҳәо алашарбагагьы. Иара злаиқәаҵәоу ала, сынтәакәӡам ианыблыз, кыр еиҳауп. Аҭӡамцқәагьы ана-ара икылххаауп, аха ахыб макьаназы аӡы кылымсыц. Уи ак еибганы инхеит.

Аха урҭқәа зегь раԥхьа ҳара ҳалаԥш ақәшәеит ауада агәҭаныҵәҟьа игылаз, акәицқәа зныз аихатә қьаад ала ихҩаз адырган ду. Ҳалаԥш ари амаҭәар ишазырхаз гәазҭаз аԥшәма адырган ахҩа аахихын, ианыз амгьал цаҳә-цаҳә дааҩахеит. Зегьы срықәгәыӷуан, аха акыц мгьал ҳәа изышьҭоу, ажәытәан ирӡуаз ача агьама сбоит ҳәа сыҟамызт. Аԥшәма амгьал аахиссан, ашәеилаҵа ду аса ҟәазқәа наваиҵан, аҩыҟаԥшь аҵәҵақәа иаарҭеиҭәан, аишәахь ҳааиԥхьеит.

Згьама ҳбаз ачаӷьа амца ахьазымхаз азы агәы рацәак еилымӡааӡеит, аха хыхьтәи ацәа ҟаԥшьӡа иҟан, агьамагьы хаан. Онер иаҳзеиҭеиҳәеит уи аӡышьа шыҟоу. Раԥхьаӡа аԥлакь ахаҭа амажәа анҵаны, амца иҽҳәаргыланы ирштәуп. Уи ашьҭахь, аԥлакь амца иҽҳәыганы аихатә қьаад ала ихырҩоит. Аха амажәа ибзианы иӡырц азы хыхьынтәигьы ашоура арстәуп аҟнытә, аҽҳәаҟынтәи акәицқәа шшу ахҩа ианырыԥсалоит. Даҽа ԥыҭрак ашьҭахь амгьал афаразы имазеихоит.

Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны
Илиа Ашәба: жәытәрада аҿатә агьама ацәыӡуеит

Акранаҳфа аӡбагьы ҳакит, аха аҩнахьы шықәсыки бжаки раахыс аӡы ааиӡом. Усҟан аԥшәма днаҳаԥызан, 150-200-ҟа метра иҩнашьҭахь аӡыхь ахьаауа аҭыԥахь ҳаигеит. Ҳахьнеиз аҭыԥ даара иԥшӡароуп, аҵлақәа иргәылаҵәаху аӡыхь аҭаҽҽарҭаҿы уԥсы узырго аҳауацқьа аауныруеит. Иҳацыз аҵәца еимда-ааимданы аӡы анаҳжә, дырҩеигь аҩнахьы ҳдәықәлеит. Ари аҭыԥ аҩны маҷк иахьацәыхароу, ухынҳәны ушаауа дырҩегь аӡба уакыр ҟалоит.

Онер лашарада, ӡыда анхара злаулшои ҳәа ҳаниазҵаа, сашьцылеит ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Аха алашара шимамгьы, иара имоуп аҭел. Уи зынӡаск аԥсы аналшәшәалак, игәылацәа рахь дцаны иаҿеикуазаап. Дара урҭгьы рацәак изааигәаны инхаӡом, километрак аҟара рыбжьоуп. Урҭ рҟны дахәаԥшуеит ателехәаԥшыгагьы. Абасала аамҭа ихигоит.

Азаҵәра анышьцылароу

Хәышықәса раԥхьа иҟаз асоура ӷәӷәа Онер иҩнахьы иааиуаз афымцалашаратә даҷқәа ԥнаҵәеит. Даҽа шықәсык анҵы диԥхеит иангьы. Уи аахыс ахаҵа ихала заҵәык ари аҩны лашьцаҿы дынхоит, ала шкәакәа Шарик алаҳамҵозар. Иара убас Онер изануп арахә, имоуп ауҭра, аха илаиҵаз аџьықәреи аарҩара ӷәӷәа ақәшәеит аҟнытә, изымааӡеит. Сынтәатәи ала иҭацәуп ицагьы.

© SputnikОнер Қәаранӡиа иашҭа иҭагылоуп зынӡа дахьнымхо аҩын ду
Ажәытәра иамгаз: хәышықәса лашарада инхо Онер Қәаранӡиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Онер Қәаранӡиа иашҭа иҭагылоуп зынӡа дахьнымхо аҩын ду

Онер Қәаранӡиа 52 шықәса ихыҵуеит, дҭаацәараӡам. Иара иажәақәа рыла, иҿараамҭазы иҟан игәаԥхақәоз аҭыԥҳацәа, аха амамзаара иахҟьаны аиҩызара еиҳау акгьы рыдгалара изымгәаӷьӡеит. Аибашьра ҟалаанӡа иара ахәаахәҭра инапы алакын, уи ала ихы ныҟәигон. Насгьы иаб иԥсы анҭаз аџьмақәагьы рзанын, еиҳа аагарҭақәа рыман. Аибашьра ашьҭахь Онер ахныҟәгара еиҳа-еиҳа ицәыцәгьахо далагеит, имала дадхалеит анхара ду. Иашьа гәакьагьы Чхәарҭал ақыҭан дынхоит, аха кырӡа еицәыхароуп, рацәакгьы еиҭанеиааиӡом.

Ахаҵа уахьихәаԥшуа ӷәӷәак иоуп, зхы иахашшаауа исахьа имаӡам. Иара излеиҳәаз ала иԥсҭазаараҿы ахаан дычмазҩымхац, знызаҵәык ишоура халахьеит аҟароуп. Иара уигьы хәшәык имжәыкәа ихигеит, ҳимжьазар. Иҟалап ари аиԥш агәабзиара ӷәӷәа змааноу афатә цқьа ахьифо, аӡы цқьа ахьижәуа, ҳаамҭазтәи ахархәагақәа ирхылҵуа агәамсам дахьацәыхьчоу акәзар. Аха агәабзиара ахьчаразы аԥсҭазаара маншәала, абзабаа хәыҷы мап ацәкра иаԥсоу иаԥсаму, аҳәара уадаҩуп.

Аха уи аангьы Онер иҳәеит уажәшьҭа цәгьа ишиимбо алашареи аӡи аҩны имазар. Игәылацәа аӡәык-ҩыџьак напеилаԥсала адаҷ аахәаны изышьҭарҵахьеит, иара иҭаххар, анаҩсгьы ацхыраара иҭара иазхиоуп. Излеилыскааз ала, џьара ԥшәымаԥҳәыскгьы мап лцәикрым, ус еиԥш акы изырманшәалозар. Уи аҩыза азҵаара ихаҭа ианиаҳҭа, сара саамҭа уажәшьҭа ицахьеит ҳәа игәы кажьны аҭак ҟаиҵеит. Аха уи ус акәым ҳәа агәыӷра ҳамоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0