Ахада иалхрақәа раан 700-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҷаԥшьалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАА ААР
АА ААР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа 9-ҩык ықәгылоуп.

АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа раан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык инареиҳаны ауаажәларратә зинеиҿкаареи ашәарҭадареи ирхылаԥшлоит, абри атәы аарыцҳаит аусбарҭа апресс-маҵзураҟны.

Парламентские выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: ахада иалхрақәа рҟны 116 нызқьҩык инареиҳаны рыбжьы арҭар ҟалоит

ААР анапхгаратәи акомандатәи еилазаарақәа асабша, нанҳәа 24 инаркны уахи-ҽни иҷаԥшьалоит.

Алхырҭатә ҭыԥқәа рзааигәара аҭыԥқәа рԥыԥшразы иадԥхьалоуп ААР Аппарат хада ахатә еилазаараҟынтәи ахарҭәаагатә мчқәа.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы уахи-ҽни ирыхьчоит, абри атәы азгәарҭеит ААР аҟны.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәыргылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Зынӡа Аԥсны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0