"Брехаловка" аҵакыраҿы изакәанымкәа идыргылаз ахыбра Аҟәа ахадара еимырхит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Брехаловка" аҵакыраҿы изакәанымкәа идыргылаз ахыбра Аҟәа ахадара еимырхит
Брехаловка аҵакыраҿы изакәанымкәа идыргылаз ахыбра Аҟәа ахадара еимырхит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь анапхгара иазгәарҭеит "Брехаловка" азааигәара излагаз аргылара иақәиҭызтәуаз адокументқәа шрырымҭаз.

АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ақалақь ахадара акаҳуажәырҭа "Брехаловка" аҵакыраҿы изакәанымкәа идыргылаз аконструкциа еимырхит, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа.

"Ари аконструкциа аргыларазы ҳақалақь ахадара ақәиҭтәратә документқәа ҳәа акгьы рырымҭеит, уи азы аӡәгьы дҳадымҵаалеит. Убри азы сара адҵа ҟасҵеит ари аргыламҭа ықәырхырц азы. Уажәы уи ахадара аусзуҩцәа иқәыргоит", – иҳәеит иара.

Ҳаразиа излеиԥхьаӡо ала, ари аргыламҭа ақалақь архитектуратә хаҿра ианаалаӡом.

Ишәгәалаҳаршәоит, иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу акаҳуажәырҭа "Брехаловка" авараҿы абетон ҭадырҭәеит.

Уаанӡа Аҟәа ақалақь ахадара Архитектуреи, ақалақьргылареи, адгьылшьақәыргылареи рзы аусбарҭа аиҳабы Светлана Шаменкова адырра ҟалҵеит ақалақь ахадара "Брехаловка" иахьаҵанакуа аргыларазы ақәиҭтәратә документқәа шрырымҭаз, ари аус азы ишьақәдыргылеит административтә зинеилагаразы аԥкаанҵа.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Брехаловка" аҵакыраҿы изакәанымкәа идыргылаз ахыбра Аҟәа ахадара еимырхит
Брехаловка аҵакыраҿы изакәанымкәа идыргылаз ахыбра Аҟәа ахадара еимырхит - Sputnik Аҧсны
"Брехаловка" аҵакыраҿы изакәанымкәа идыргылаз ахыбра Аҟәа ахадара еимырхит

Ари аҭагылазаашьа аҳҭнықлаақь ауааԥсыра агәынамӡара рызцәырнагеит. Асоциалтә ҳақәа рҟны афлешмоб маҷ хацдыркит, ркьыԥхьымҭақәа ахештегқәа #оставьтебрехаловку, #нетрогайтебрехаловку ҳәа рыҵаҩны.

"Брехаловка" есымша иаҭаауа ауаа ракәзар, арҭ аиҭакрақәа мап рцәыркуам. Дара изларҳәо ала, хыбк рыздыргылар еиҳа ирзеиӷьын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0