Аԥсны ахада иалхрақәа Ҭырқәтәыла имҩаԥымсыр ҟалоит

© AFP 2023 / MUSTAFA OZERТурецкий флаг. Архивное фото.
Турецкий флаг. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхрақәа рымш аҽны Аԥсны иахьаҵанакуа иаатуеит алхырҭатә ҭыԥқәа 152. Алхырҭатә ҭыԥқәа иара убас иаатуеит Москвеи Черкесски.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада иалхрақәа раан Ҭырқәтәыла иахьаҵанакуа абжьыҭара мҩаԥымсыр ҟалоит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа ахәаша, нанҳәа 23 рзы.

"Аилагара ҳәа акгьы ыҟамызт. Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны алхрақәа рыҽнынӡа 30 мшы шагыз еиҿкаан акомиссиа, актқәа, акомиссиа ахантәаҩы даҭан. Акызаҵәык, нанҳәа 2 рзы сара Аԥсны АКХ ахь аҳәара ҟасҵеит алхырҭатә ҭыԥ даҽаџьара ииаргарц (Сҭампылынтәи Сақариаҟа - азгә.), ус еиԥш аҟаҵара азин шсымамыз азы аҭак нанҳәа 22 рзоуп иансоуз, уи закәанеилагароуп рҳәеит, аха азакәан аҟны ус ианӡам", - иҳәеит Ҳаразиа .

Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ иажәа иацҵо, иҳәеит Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ уажәшьҭа аиҿкаара дшахьымӡо. Сақариаҟа аиагара азҵаара зцәырҵыз, уи аԥсуаа еиҳа рҽеизакны иахьынхо ҭыԥуп, иара убас уа имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Алхратә комиссиа хада аҳәаанырцә алхратә ҭыԥқәа хԥа аанартуеит

Ҳаразиа излеиҳәо ала, Сақариа иахьаҵанакуа иҟоуп 54 аԥсуа қыҭа, уа инхоит 60 нызқь аԥсуаа. Иара убас иара инаҵшьны иҳәеит Сақариа алхрақәа рзы зегь рыла еиқәшәоуп, аха АКХ уи иақәиҭнатәуам.

Официалла Ҭырқәтәыла Аԥсны алхрақәа рымҩаԥгара мап ацәырымкыцт, Алхратә комиссиа хадоуп ус зыӡбаз.

"Ҳара иаҭахыз адокументқәа зегьы наҳашьҭит Сақариа алхрақәа рымҩаԥгаразы. Аофициалтә усбарҭақәа рҟынтәи макьана мап аӡәгьы имкыцт", - рҳәеит Аԥсны АКХ апресс-маҵзураҟны.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом. Ахада даналырхуа ахада ихаҭыԥуаҩгьы дицалырхуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0