Аԥсны АКХ алхыҩцәа рхыԥхьаӡаразы адырра ҿыцқәа ҟарҵеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПарламентские выборы в Абхазии
Парламентские выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҿыц еилкаау адыррақәа рыла, Аԥсны ахада иалхрақәа раан абжьыҭара азин рымоуп 118 нызқьи 932 алхыҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Нанҳәа 25 рзы ахада иалхрақәа раан абжьыҭара азин рымоуп 118 нызқьҩык Аԥсны атәылауаа, абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа, нанҳәа 24 рзы Жәларбжьаратәи апресс-центр Аҟәа аартраан.

АКХ 4500 биуллетен аҳәаанырцә иашьҭуеит ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы - Sputnik Аҧсны
АКХ 4500 биуллетен аҳәаанырцә иашьҭуеит ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы

Уаанӡа рыӡбахә ҳәан 116 нызқьи 75-ҩык алхыҩцәа.

"Нанҳәа 23 рзы иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иартәоит 118 нызқьи 932 атәылауаа, Алхратә комиссиа хадаҟынтәи абжьыҭаразы азин азы аршаҳаҭга зауз ахаҿқәа аламҵакәа. Уи Апарламент ахь алхрақәа раан алхыҩцәа рхыԥхьаӡара аасҭа еиҵоуп, изыдҳәалоугьы Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа раиура апроцесс ацашьоуп", - иҳәеит Гогьиа.

2017 шықәсазы имҩаԥысуаз Апарламент ахь алхрақәа раан абжьыҭаразы азин рыман 133 нызқь инареиҳаны алхыҩцәа.

Гогьиа иазгәеиҭеит алхыҩцәа рхыԥхьаӡара макьана иацлалар шалшо, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭоит. Абжьыҭаразы азин рымоуп алхрақәа рыҽны 18 шықәса зхыҵыз ауаагьы, ҳәа азгәеиҭеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәыргылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Зынӡа Аԥсны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны. Иара убас алхырҭатә ҭыԥқәа 3 аартхоит аҳәаанырцә: Москва, Черкесск, Сҭампыл.

Парламентские выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: ахада иалхрақәа рҟны 116 нызқьҩык инареиҳаны рыбжьы арҭар ҟалоит

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп.

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50%-и даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далхымзар, АКХ аҩынтә раан абжьыҭара амш шьақәнаргылоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа иреиҳамкәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далхымзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0