АКХ 4500 биуллетен аҳәаанырцә иашьҭуеит ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАКХ 4500 биуллетен аҳәаанырцә иашьҭуеит ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы
АКХ 4500 биуллетен аҳәаанырцә иашьҭуеит ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа Sputnik аинтервиу аҭо, илҳәеит Черкесски Москвеи рыцыԥхьаӡа ҩба-ҩба нызқь биуллетен шырышьҭуа, Сҭамбылҟа - 500 биуллетен.

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы аҳәаанырцә иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рахь ирышьҭуеит 4500 биуллетен, абри атәы лҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа, Sputnik аинтервиу аналҭоз.

"Черкесскҟеи Мокваҟеи иҳашьҭуеит ҩба-ҩба нызқь биуллетен, Сҭамбылҟа - 500 биуллетен", - лҳәеит Лабахәуаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, алхратә биуллетенқәа аҳәаанырцә иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рахь инарышьҭуеит алхрақәа мышкы шрыгу.

Абиуллетенқәа рҭыжьра апроцесс макьана ихыркәшаӡам, раԥхьа иркьыԥхьуеит аҳәаанырцәҟа иршьҭраны иҟоу абиуллетенқәа, лҳәеит Лабахәуаԥҳа.

АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ иазгәалҭеит абиуллетенқәа ахьчаратә ҩаӡара ҳаракы шрымоу, урҭ ирхыԥшыланы иԥаршеиу рыҟаҵара алшаӡом.

Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамад Кьылба - Sputnik Аҧсны
Кьылба: ԥшьусбарҭак Аԥсны ахада иалхрақәа раан ашәарҭадара иахылаԥшлоит

"Абиуллетен ашьҭахьтәи аган ианырҵоит уи ахьчара алзыршо иҷыдоу асахьа. Урҭ уаанӡатәи ахада иалхрақәа раан иҟаз шәагаала иреиԥшӡам. Акандидатцәа жәҩык ахьыҟоу инамаданы А3 аформат змоу ақьаад ахархәара аҭоуп", - азгәалҭеит лара.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом. Ахада даналырхуа ахада ихаҭыԥуаҩгьы дицалырхуеит.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0