АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа раан асааҭ 12:00 рҟынӡа рыбжьы арҭахьеит 19% ауаа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхрақәа
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ирҳәеит ахада иалхрақәа рҟны асааҭ 12:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьала шаҟа процент алхыҩцәа рыбжьы рҭихьоу.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны асааҭ 12:00 рзы иҟоу аҭагылазаашьала 19,2% алхыҩцәа рыбжьы рҭихьеит, абри атәы лҳәеит Аԥсны АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
АКХ: абжьыҭаразы аршаҳаҭгақәа рыла алхрақәа ирылахәхоит 459-ҩык ауааԥсыра

"Алхыҩцәа рзеиԥш хы пхьаӡара иартәоит - 121 нызқьи 627-ҩык ауааԥсыра, ахарҭәаагатә сиақәа рҿы иануп 2702 алхыҩцәа. Асааҭ 12:00 рҟынӡа рыбжьы арҭахьеит 23 нызқьи 442 ауааԥсыра", - лҳәеит Аԥсны АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0