Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит
Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АКХ адыррала, атәылаҟны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, аҳәаанырцә иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа 3 - Москва, Черкесск, Сҭампыл.

АҞӘА, 25 авг – Sputnik. Аԥсны атәылауаа амҽыша, нанҳәа 25 рзы далырхуеит аҳәынҭқарра ахада.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартуп ҳтәыла иахьаҵанакуа, иара убас Москвеи Черкесски иаартын акака алхырҭатә ҭыԥ", - абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирылагеит

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0