Москва абжьыҭирақәа шымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва ақалақь аҿы Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара мҩаԥысуеит еилагарада, аҭагылазаашьа аԥхарра аҵоуп. Аҭыԥ аҿы хылаԥшра руеит Аԥсны ААР аусзуҩцәеи москватәи аполициа ахаҭарнакцәеи.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. 70-ҩык рҟынӡа рыбжьы рҭихьан ашьыжь асааҭ 12:20 рзы Москва ақалақь аҿы аус зуа алхырҭатә ҭыԥ аҿы. Алхырҭатә ҭыԥ аартуп абри аҭыӡҭыԥ аҿы: Донскаиа амҩ., 18/7, арг.1, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит алхырҭатә ҭыԥ №4 алхырҭатә комиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиа.

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа: аҵыхәтәантәи адыррақәа

"Абжьыҭиразы алхырҭатә ҭыԥ аадыртит азакәан инақәыршәаны, асааҭ 08:00 рзы. Абжьыҭиразы иахәҭаны иҟоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп. Уажәтәи аамҭазы рыбжьы рҭихьеит 70-ҩык алхыҩцәа. Аиҳараҩык ауаа рааира ҳазыԥшуп шьыбжьышьҭахь", - иҳәеит Кобахьиа.

Шьыжьнаҵы ибжьы иҭиит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбагьы.

Беслан Кобахьиа иазгәеиҭеит Аԥсны ахада иалхрақәа Москва имҩаԥысуеит еилагара ҟамҵакәа, аҭагылазаашьа аԥхарра аҵоуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, аҭыԥ аҿы хылаԥшра руеит Аԥсны ААР аусзуҩцәеи москватәи аполициа ахаҭарнакцәеи.

Аԥсны ахада иалхразы алхырҭатә ҭыԥ аартын Черкесск ақалақь аҿгьы.

Алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа ахантәаҩы Заур Коблахов иҳәеит алхрақәа ҭынчрыла ишымҩаԥысуа.

"Иааихьоу рхыԥхьаӡара атәы макьаназ исызшәаҳәом. Аинформациа Алхратә комиссиа хада аҳасабырбаҿ ианырԥшхоит", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Выборы в Абхазии. Пресс-центр  - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Гогьиа: ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа ыҟам

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0