Аԥсны АКХ алхрақәа реиҿкаара иахҭынҵоу аԥара иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит 35 алхырҭа ҭыԥ хадақәа рҟын иҟоу 152 алхырҭатә ҭыԥ рҟни Москвеи Черкесски иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба рҟни.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадри Есиава. 17 миллион мааҭ рҟынӡа аҳәынҭқарра иахнашәааит Аԥсны ахада иалхрақәа реиҿкаара ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Аԥхьанатә алхрақәа реиҿкааразы иазԥхьагәаҭан 15 миллион мааҭ. Аха азакәанԥҵара аԥсахрақәа инарыдҳәаланы, ахада ирезервтә фонд аҟынтәи аҽа ҩ-миллионки 730 нызқь мааҭи рзоужьын. Иааидкыланы 17 миллион 730 нызқьмааҭ аԥара артәеит", - иҳәеит Гогьиа.

Жәларбжьаратәи апресс-центр аиҿкааразы 2009 шықәса раахыс ацхыраара ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа. Аха сынтәатәи алхрақәа раан Аԥсны ахатәы мчыла аус ауеит, амала атехникатә цхыраареи уааԥсыралеи адгылара ҳарҭеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи рколлегацәа. Уи азы Гогьиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа: аҵыхәтәантәи адыррақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0