Аԥсны ахада иалхрақәа: аҵыхәтәантәи адыррақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 25 рзы.

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара хацыркхеит амҽыша, нанҳәа 25 ашьыжь асааҭ 8:00 рзы. 50-ҩык инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа иашьклаԥшраны иҟоуп.

Sputnik

Аԥхьатәи алҵшәақәа

Алхыҩцәа активла рыбжьы арҭоит. Аԥсны АКХ асааҭ 15:00 рызтәи адыррақәа рыла, рыбжьы рҭихьеит 39% ауааԥсыра. 40 процент инареиҳаны рыбжьы арҭахьеит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра рраионқәа рҿы. Зегь иреиҳаны алхыҩцәа ааихьеит Гал араион аҟны - 63,38%.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны асааҭ 15:00 рзы 39% алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

Асааҭ 12 рзы Аԥсны АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа адырра ҟалҵеит рыбжьы шырҭихьо 19,2% алхыҩцәа - 23 нызқьи 442-ҩык ауааԥсыра.

Аԥсны ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иажәақәа рыла, абжьыҭаразы азин ҟазҵо аршаҳаҭгала асааҭ 09:15 рзы 459-ҩык рыбжьы рҭихьан. Абжьыҭаразы азин ҟазҵо аршаҳаҭгақәа роуеит атәылауаҩшәҟәы аҿы дахьынхо аҭыӡҭыԥ ззаным алхыҩ.

70-ҩык рҟынӡа рыбжьы рҭихьан ашьыжь асааҭ 12:20 рзы Москва ақалақь аҿы аус зуа алхырҭатә ҭыԥ аҿы. Шьыжьнаҵы ибжьы иҭиит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбагьы.

Алхырҭатә ҭыԥқәа

Ареспублика иахьаҵанакуа аус руеит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа, урҭ русура: 8:00 - 20:00. Иара убасгьы алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп Москвеи Черкесски.

Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥ аартхараны иҟан иара убас Ҭырқәтәыла ақалақь Сҭампыл. Аха асааҭ 8:35 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа алаҳәара ҟаиҵеит Сҭампыл официалла алхрақәа шымҩаԥымсыз азы. Сҭампылтәи ахҭыс ахҳәаа аиҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба. Иара иҳәеит ари аҭагылазаашьа ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа анырра шанамҭо, еснагь еиԥш, уажәгьы аҟәыӷареи аилкаареи зегьы ишаадырԥшуа, аполитикатә процессқәа ҳдиаспореи ҳареи ҳаизыҟазаашьа иаԥырхагахар шамуа.

Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аатит

Уаанӡа Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа Sputnik излазааицҳаз ала, Сҭампыл официалла иаартымызт. Иара иазгәеиҭеит алхратә комиссиа ахаҭарнак иҟынтәи абиуллетенқәеи амҳәыри шрыдрымкылаз.

Аҟәа иара убасгьы аус ауеит анҭыҵтәи алхратә комиссиа. Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа аҩны рыбжьы рҭираны иҟоуп 13–ҩык алхыҩцәа ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аԥсны АКХ ахаҭарнак Алиса Гындиаԥҳа.

"Ҳара ҳнеиуеит алхырҭатә ҭыԥқәа рахь изымааиуа ауаа рахь – згәы бзиамкәа аиарҭа иамоу ма зықәра неихьоу рахь", - лҳәоит лара.

Анҭыҵтә комиссиа иалахәуп акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәагьы. Абжьыҭара араҟагьы ишаабац имҩаԥысуеит: алхыҩ асиаҿ инапы аниҵоит, атәылауаҩшәҟәы аҿы амҳәыр ҷыда ықәдыргылоит, абиуллетень зыбжьы зҭиуа ирҭоит еиҭарго аурна иҭаиршәразы.

Алхрақәа ахьымҩаԥысуа Ԥсҳәы ақыҭа ахада Даниил Зыхәба еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны ианаамҭаз алхырҭатә ҭыԥ аартын ҳәа.

"Алхратә комиссиа хада аҟынтәи абиллиутенқәа дәықәырҵеит иацы Аҟәантәи Ԥсҳәыҟа. Сара сызхамлеит. Алхратә ҭыԥ аҟны иҭынчны абжьыҭарақәа мҩаԥысуеит ҳәа агәаанагара ҳамоуп, уаҟа еснагь иҭынчран. Абжьыҭара зхы алазырхәыр зылшо рхыԥхьаӡара шә-ҩык рҟынӡа иназынаԥшуеит. Аха Аҟәа иаанхақәазгьы изымхалаз ыҟоуп. Егьыс зегь еиқәыршәоуп. Аимадара ҳамоуп, ессааҭ абжьыҭара ацашьазы адыррақәа сырҭоит. Ԥсҳәыҟа ахалара зҭахыз рзы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амашьына ду дыргылеит иацы асааҭ 12 рзы, аҳаирплан ала амш иаҳнамҭар ҳәа ишәаны. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 100–ҩык рҟынӡа инаӡоит, изымхалақәаз Аҟәа аус зуагьы ыҟоуп. Сгәаанагарала 80-ҩык рҟынӡа алхыҩцәа Ԥсҳәы ақыҭаҟны иҟоуп иахьазы", - иҳәеит Зыхәба.

Еилагара ыҟам

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла аилагарақәа макьаназ иазгәаҭам.

Аԥсны иҟоу алхырҭатә ҭыԥкәа рҟны амҽыша, нанҳәа 25 асааҭ 14:00 рызтәи аинформациала азинеиҿкааратә еилагарақәа ҭаҩым, иҳәеит Аԥсны ААР аиҳабы Гарри Аршбагьы, Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны.

Выборы в Абхазии. Пресс-центр  - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Гогьиа: ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа ыҟам

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирӷәӷәоу аусушьахь ииагоуп. Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгараан ААР ахатә еилазаара азинеиҿкаареи ауааԥсыра ршәарҭадареи ирхылаԥшуеит 37 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны.

Аԥсны аҵакыраҿы абри амш иалагӡаны имҩаԥган ацәгьоурақәа ҩба: ақалақьтә џьырмыкьаҿҿы аӷьычреи (ацәгьоуҩы даанкылоуп), Араион ҿыц аҿы жәа-граммк здырбалаз ахаҿы иаанкылареи.

Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа

Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ахылаԥшра мҩаԥыргоит жәларбжьаратәи ахылаԥшыҩцәа. 50 рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирҭааны иҟоуп.

Наблюдатели из Германии - Sputnik Аҧсны
Германиеи Австриеи рынаԥшыҩцәа Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысуа ахәшьара арҭеит

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҟынтәи анаԥшҩы Владимир Катенев ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит алхрақәа закәанеилагарада ишымҩаԥысуа.

Алхрақәа аԥсуа жәлар рыҩныҵҟатә ус ауп, Москва акәзар, Аԥсны ажәлар ргәы иалнахыз дарбанызаалак адгылара инаҭоит ҳәа иҳәеит Аԥсны иааны иҟоу Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат, ИАР атәылақәа русқәа рзи, евразиатәи аинтеграциази, аџьынџьуаа реиныррази аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.

"Ҳара акандидатцәа зегьы ҳзеиԥшны иҳаԥхьаӡоит. Ибзианы иаадыруеит Аԥсны Урыстәыла ишақәгәыӷуа. Алхрақәа ирылҵшәаны Аԥсны Урыстәыла мап ацәызкша аӡәы дҟалап ҳәагьы агәра ҳазхаҵом" ҳәа иҳәеит урыстәылатәи адепутат.

Затулин ааԥхьара риҭеит аполитикатә мчрақәа аҭынчра ашьақәҟьара алдмыршарц азы.

Акандидатцәа рыбжьы арҭеит

Ашьыжь, асааҭ 09:00 рзы алхырҭатә ҭыԥ № 2 аҿы ибжьы иҭиит Аԥсны иахьаьтәи ахада, ахадарахьы акандидат Рауль Ҳаџьымба.

Сҭампыл - Sputnik Аҧсны
Сҭампыл Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥымсӡеит

Акандидат Асҭамур Ҭарба иазгәеиҭеит абжьыҭирахь игәы алаҟаны дшааиз.

Акандидат Леонид Ӡаԥшьба ибжьы иҭиит Аҟәатәи абжьаратә школ №9 аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы.

Алхас Кәыҵниа алхырҭатә ҭыԥ ахь дааиит иԥҳа Сариа дицны. Иара иазгәеиҭеит алхрақәа рышьҭахь дшазыԥшу аиҭакрақәа ҟалап ҳәа.

Шамил Аӡынба иакәзар, ҩыџьа иԥҳацәа дымҩаԥыргон.

Олег Аршба ибжьы аиҭеит Аҟәатәи ашкол №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭып №2 аҟны. Асҭамыр Какалиа - ашкол № 12 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҟны. Алмас Џьапуа - Амилаҭтә библиотекаҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ хада №2 иатәу алхырҭатә ҭыԥ №7 аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0