Аршбеи Ҳаџьымбеи рыштабқәа рҿы ахҳәаақәа ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа акандидат Кәыҵниа иштаб аҿы аҳәамҭа ҟарҵахьан Рауль Ҳаџьымба аԥхьа дышнеиуа, аха акандидат Олег Аршба иаасҭа Алхас Кәыҵниа абжьқәа имоуп ҳәа.

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аминистр иабжьагаҩ Олег Аршбеи рыштабқәа рҟны ишьақәыдмырӷәӷәеит аоппозиционер Алхас Кәыҵниа иштаб аҳәамҭа, аҩбатәи атур ахь дышнеиз азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Подсчет избирательных бюллетеней на выборах президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Алхратә штабқәа абжьыҭара алҵшәақәа рзы заанаҵтәи адыррақәа ҟарҵеит

"Аштабқәа зегьы рҿы иҟоу заанаҵтәи адырраҭарақәа роуп. Акандидатцәа аҩыџьа рыбжьара аивыгарақәа иҟоу зынӡа иахьмаҷу азы макьаназ лкаак аҟаҵара заацәоуп. АКХ алкаақәа ирзыԥштәуп", - иҳәеит Ҳаџьымба иштаб аиҳабы Даур Аршба.

Заанаҵтәи аихшьаалақәа ахҳәаа рырҭеит Олег Аршба иштаб аҿгьы.

"Макьаназ аԥхьаӡарақәа ирҿуп. Аинформациа наӡа ыҟаӡам. Иахьынӡаадыруала аԥкаанҵақәа макьаназ иаарымгац ыҟоуп. Кәыҵниа ари аҩыза аинформациа ахьынтәимо ҳаздырам", - РИА Новости иазеиҭарҳәеит акандидат Аршба иштаб аҟны.

АКХ адырра ҟанаҵахьан заанаҵтәи аихшьаалақәа ашәахьа шьыбжьон ишрылаҳәахо азы.

Атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Ахадас иалххо аҩбатәи атур аан асиа иану алхыҩцәа рҟынтәи 25 процент иреиҵамкәа абжьы зауз иоуп. Аҩбатәи атур аан акандидат дырзаллымхыр АКХ аиҭалхрақәа рыланаҳәоит.

Аԥсны ахада иалхразы актәи атур мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 25 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0