Алхратә штабқәа абжьыҭара алҵшәақәа рзы заанаҵтәи адыррақәа ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПодсчет избирательных бюллетеней на выборах президента Абхазии
Подсчет избирательных бюллетеней на выборах президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заанаҵ иҟаҵоу адыррақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа рахь абжьаҭаҩцәа рааира иартәеит 56%, ас еиԥш ахыԥхьаӡараан алхрақәа официалла имҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп.

АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акандидатцәа хҩык Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны иреиҳау абжьқәа еизыргоит, алхратә штабқәа иҟарҵо адыррақәа инарықәыршәаны. 

Макьаназы арҭ адыррақәа рыла, аиааира агара даҿуп иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Уи ибжьы ирҭеит 17 724 бжьы (26,76%).

Подсчет избирательных бюллетеней на выборах президента - Sputnik Аҧсны
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа заатәи рылҵшәақәа рыларҳәоит ашьыжь нанҳәа 26 рзы

Аҩбатәи аҭыԥ аҿы дыҟоуп Олег Аршба - 16 612 бжьы (25,08%).

Апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа игеит 16 083 бжьы (24,28%).

Аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы дыҟоуп Асҭамыр Ҭарба – 5123 бжьы (7,73%), ахәбатәи - Леонид Ӡаԥшьба - 4264 бжьы (6,44%).

Шамиль Аӡынба иоуит 3070 бжьы (4,64%), Алмас Џьапуа – 1363 бжьы (2,06%), Артур Анқәаб – 1287 бжьы (1,94), Асҭамыр Какалиа - 708 бжьы (1,07%).

Нанҳәа 25 ахәылбыҽханӡа ирыԥхьаӡаз абжьқәа заанаҵтәи рхыԥхьаӡара 66 234 ыҟоуп.

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Алхрақәа мҩаԥысит: 56% алхыҩцәа рыбжьы арҭеит - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа мҩаԥысит: 56% алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0