Кокосқьериа: раԥхьатәи ашьхаҭаацәара анысҵеит ахәбатәи акласс аҿы сантәаз

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Дмитри Кокосқьериа
Дмитри Кокосқьериа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытә аԥсуа занааҭқәа ирхыԥхьаӡалоу ашьхааӡара иахьагьы хшыҩзышьҭра азҭо аҿар ҳамоуп. Урҭ рхыԥхьӡараҿы дыҟоуп Бзыԥҭатәи аҩхааҟны 15 шықәса раахыс ари анаплакы зырҿио, заалыҵ уажәшьҭа аӡыргара иазхьаам, аха зҭоурых шәзеиҭаҳҳәо Дмитри Кокосқьериа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гәдоуҭа араион, Оҭҳара ақыҭан инхоз Владимир Кокосқьериа аԥсуа хаҵа ишиаҭәоу еиԥш, ақыҭанхамҩа ӷәӷәа дахагылан. Аха ҷыдала дзызныҟәоз ашьхааӡара акәын. Урҭ рахь имаз абзиабара илаиааӡеит имоҭагьы. Дмитри ахәбатәи акласс аҿы дантәаз, ааԥынразы рбаҳчаҟны аҵлаҿы ибеит ашьхаҭаацәара шкыдхалаз, убасҟан иабду иҿиҵаахьаз аметод ала, ашьхаран лбааганы, ашьхымзаҭра иҭаиртәеит, даргьы ашьҭаланы иҭалеит. Ахәыҷы деиҷаҳауа рааӡара далагеит.

"Схала аус арыдулара сашьцылаанӡа, хымԥада исыцҳауан. Схы-сҿы чны ашкол ахь санцоз, арҵаҩцәа аҩны сҭаацәа срыԥҟоз џьыршьон. Сангьы илаҽԥнырҳәхьан, "имашәки" ҳәа", - алаф ахҳәаауа раԥхьатәи ашьхааӡараҿы иҟаиҵаз ашьаҿақәа игәалаиршәоит Дмитри.

© Foto / Саида Жиба Ашьхымза
Кокосқьериа: раԥхьатәи ашьхаҭаацәара анысҵеит ахәбатәи акласс аҿы сантәаз - Sputnik Аҧсны
Ашьхымза

Ашьхааӡаҩы иажәақәа рыла, ашьхымза ԥсабарала ианыруеит ауаҩы иҟазшьа, даҭахымхар, идлаӡом.

Ацха - зегь реиҳа ихаау ахәшә - Sputnik Аҧсны
Ацха - зегь реиҳа ихаау ахәшә

"Ашьхымза бзиа иумбар, иудлаӡом. Сабду иус ацҵара саб ихшыҩ азымцеит, аха сара саныхәыҷыз инаркны аинтерес сыман. Ажәеизатәи акласс ахь саннеи, 94 ашьхаҭаацәара сааӡахьан. Анаҩс Урыстәылаҟа аҵараҵара санца, иахыӡӡааит. Ашьхааӡара хацсыркит Аԥсныҟа саныхынҳә", - еиҭеиҳәоит иара.

Дмитри Кокосқьериа далгеит Ҟабарда-Балкариатәи Ақыҭанхамҩатә академиа. Уи ашьҭахь, шықәсыки бжаки аус иуит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет аекономикеи азԥхьагәаҭареи рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.

2000-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы, аҳәынҭусбарҭақәа рҟны зынӡа ауалафахәы ахьмаҷыз инамаданы, ақыҭаҷкәын ицәыуадаҩхеит Аҟәа ацара-аара, убас ахныҟәгара.

"Ауниверситет аҿы аусура аансмыжьыр амуа аҭагылазаашьа сақәшәеит. Адиплом сыманы сааит, аха схы ныҟәызгартә еиԥш изыҟамлеит. Суалафахәы амҩақьыраҵәҟьа иазхомызт", - игәы иаланы иҳәоит Дмитри.

Аџьабаа ду зцу Славик Ԥимԥиа инхара>> 

Аҭҵаарадырратә ус ныжьны, Дмитри Кокосқьериа инапы алеикуеит абылтәы аҭира, аха уи иара ишитәым иаразнак еиликаауеит. Анаҩс иӡбоит, даныхәыҷыз бзиа ибаны дызҿыз аус азыхынҳәра.

"Абылтәы ҭины исырҳаз аԥарала иаасхәеит 50 ашьхаҭаацәара. Хышықәса рыла ашьхымзаҭрақәа 700 сызгылан. Ашьхақәа амал дуӡӡа ауаҩы ирҭоит, ииашаны иныҟәигар, ицқьоу ԥсабаратә фатәыла ичахыр. Ацха ануԥшшо, 60% дара ирзаанужьроуп. Ус акәымкәа, иааҭрыцқьааны, мамзар абжеиҳара угар, уаҳа иузырҿиаӡом. Ашьхааӡара ахатәы знеишьақәа урықәымныҟәар, азарал ахь укылнагоит", – ҳәа азгәеиҭоит Дмитри.

Дмитри Кокосқьериа ашьхааӡара инапы аналеик, Бзыԥҭатәи аҩхааҟны иргылоит ашьхагәара. Убас хәыҷы-хәыҷла еизырҳауа, иахьа Аԥсны араионқәа рҿы имҽхак ирҭбаахьеит. Аӡиа иаҵәеи аӡиа Риҵеи рахь зымҩа хоу ҳтәыла иаҭаауа асасцәа реиҳараҩык Дмитри ишьхагәараҟны имнеикәа ҟамлацт.  Араҟа дара ирымоуп алшара ацхеи еиуеиԥшым ашьхыц иунаҭо аалыҵқәеи раахәара. Убас, асасцәа ирзеиҿкаауп ачаи аамҭа, агьама рбоит ацха хкқәа, ачамчамыта иадкыланы.

© Foto / Саида Жиба Ашьхымза
Кокосқьериа: раԥхьатәи ашьхаҭаацәара анысҵеит ахәбатәи акласс аҿы сантәаз - Sputnik Аҧсны
Ашьхымза

"Раԥхьа атуристцәа ацха рыдаагало ҳаналага, асаркьатә ҭрақәа ирҭаҳҭәон. Исгәалашәоит Екатеринбургынтәи иааны иҟаз ԥҳәыск гәыбӷан шҳалҭаз, "снапқәа ҷабуеит" ҳәа. Убасҟан аӡәгьы акагьы ааимхәеит", - иҳәоит ашьхааӡаҩ.

Ацха асаркьеи, апластики рҿы аилазаашьа аҽаԥсахуеит, ахәарҭара ацәыӡуеит азы, Дмитри иӡбоит анышәаԥшь иалху аҟәџьалқәа рҭаҭәара. Убри аҟнытә, Оҭҳара иааиртуеит анышәаԥшь аус адуларатә цех.

"Иахьа ҳацха ҳхатәы ҭрақәа ирҭаҳҭәоит. Иҟаҳҵоит ацха амикроелементқәа ахьеиқәхо, еиуеиԥшым анышәаԥшь иалху аҟәџьалқәа. Атауартә ҿыԥшылара зауз ҳаалыҵ, насгьы зхаҭабзиара ҳараку ҳацха есышықәса иашьҭаланы иаауа рацәаҩӡоуп. Убас, ҳацха ҳамҭас ираҳҭахьеит Аԥсны иаҭаауа аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы. "Иҟалозар, абри аҩыза ацха иҵегь сзаашәышьҭ" ҳәа аҳәара ҟаиҵахьан агьама згәаԥхаз Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров", - инаҵишьит Дмитри.

Дмитри Кокосқьериа иаҳзеиҭеиҳәеит ацха ахаҭабзиара злеилукааша аметодгьы. Унапаҟны кәарма хәыҷык нықәуҭәар, иқәкәкәаны ицар, уи иаанаго амати мшәӡацт, мамзар иԥаршеиуп.

Аԥсны ашьхааӡаҩцәа ианҵаны ирымоу, еиҳа имарымажоу, аџьа бзиа избо ашьхаратә ашьхыц ахәа ауп. Даҽакала абхазианка ҳәа иашьҭоуп. Иара егьырҭ ашьхақәа раасҭа аԥыц хәхәоуп, аҵаулара змоу ашәҭқәа рҟны амати аҟәшәара алшоит.

Аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
"Анана-Гәында лыцхеиԥш инҵәаӡом!": аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара

Дмитри Кокосқьериа ишьхагәараҟны ацха адагьы еидыркылоит амати, ацәа, абыбыц, абыӷцәлымса, ашьхыцтә мумие уҳәа аалыҵқәа жәпакы.

Ашьхааӡаҩ инаплакы иабзоураны, усурҭа ҭыԥла еиқәшәоуп 160-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, имоуп аҵаҩцәагьы. Ашьха нызҵарц зҭахыз рахьтә, 25-ҩык идҵааланы идыррақәа имырдахьеит.

Дмитри игәы иҭоуп иҵегь аҽырҭбаара. Наҟ-наҟ ашьхыцтә терапиа амҩаԥгаразы агәабзиарашьақәыргыларатә комплекс аргылара дазхәыцуеит. Даныхәыҷыз аахыс зҿлымҳара зиҭаз ашьхааӡара егьырҭ атәылақәа рҟны ишныҟәыргогьы ҭиҵаауеит.

"Сара Европа атәылақәа жәпакы сырҭааны избахьеит ашьхагәара дуқәа. Зегь раасҭа сгәы иҭымҵуа Таиланд "Аҟралтә ашьхагәара" ауп", - иҳәоит иара.

© Foto / Саида Жиба Ажәытә аԥсуа шьхааӡара - ақдышьхааӡара
Кокосқьериа: раԥхьатәи ашьхаҭаацәара анысҵеит ахәбатәи акласс аҿы сантәаз - Sputnik Аҧсны
Ажәытә аԥсуа шьхааӡара - ақдышьхааӡара

Дмитри Кокосқьериа ишьхагәарақәа рныҟәгараҿы ихы иаирхәоит европатәи аметодқәагьы, аха еиҳа хшыҩзышьҭра зиҭо ажәытә аԥсуа технологиақәа роуп. Уамак мҵуазаргьы, иҽазишәеит ақдышьхааӡарагьы. Араҟа шықәсык знык ауп ацха ануԥшшо, уи агьама акы иалаҩашьом.

Ашьхааӡаҩ еиҭеиҳәеит, Еиду Арабтә Емиратқәа ахәаахәҭра дуқәа рахь раалыҵқәа рышьҭаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ишалагаз. Ари аус маншәалахар, Аԥсны ахьӡ ашьҭыхраҿгьы шьаҿа духон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0