АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Қырҭтәыла азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ақыҭа Уиста (Цнелис) иалыргароуп, уа зыргылара иаҿу аблокпостгьы аԥырхроуп. Абри заҵәык ауп еибархханы иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара алзыршо ҳәа рҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҟны.
Ари иалнаршоит аганқәа уаанӡатәи реиҿцәажәаратә режимқәа рзыхынҳәра, аимак аҭыԥ ақәҵара ҳәа агәрагара рымоуп аусбарҭаҿы.
Аусбарҭа асаит аҿы иазгәанаҭоит:
"Ҳара ишаабо ала, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа еиҭах афронттә цәаҳәа аҟазшьа арҭарц иаҿуп. Уи зыхҟьо Қарҭ иҭакԥхықәрадоу аполитикоуп. Еилкаау акоуп - ақырҭуа зинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа Аахыҵ Уаԥстәыла ақыҭа иахьаԥну рыҟазаара бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларахь икылнагар шауа", - ҳәа.
Аусбарҭаҿы иақәгәыӷуеит Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа аҭыԥ аҿы иҟоу Евроеидгыла анаԥшыҩцәа рмиссиа ахаҭарнакцәа еилыркаауеит ҳәа.
Аԥсны АШәМ аҟны иазгәарҭеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы ацивилизациатә еиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иҟанаҵаз ажәалагала азхьаԥшра шарымҭо.
Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҭагылазаашьа уадаҩхеит ақырҭуа ган Знауртәи араион ақыҭа Уиста (Цнелис) иахьаҵанакуа аполициатә блокпост аргылара ианалага ашьҭахь.
Аибарххаратә ҭагылазаашьа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь инаган Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ, ОМОН уҳәа егьырҭ амчратә еилазаарақәа. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа акәылӡтәы техника ала ареид мҩаԥыргеит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы.
Аблокпост ахьдыргылоз аҭыԥ аҿы ақырҭуа полициеи Евроеидгыла анаԥшыҩцәеи гылан.
Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла "Град" ала ареспублика иалахысуа иажәланы аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.
Абри ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа, нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аахыҵ Уаԥстәыла ААР: Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа абџьаршьҭыхрахь икылнагар алшоит
-
Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаа аҭышәныртәаларахь ақырҭуа ган аанаԥхьоит