Алхрақәа раан аиааира згаз акандидат дшеилыркаауа атәы рҳәеит АКХ аҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәларбжьаратәи апресс-центр
Жәларбжьаратәи апресс-центр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акандидатцәа ҩыџьа Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи злахәхо Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит цәыббра 8 рзы.

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа алхрақәа аҩбатәи ртур аан абжьқәа реиҳарак зауз акандидат атәыла ахадас дшалырхуазы аӡбамҭа аднакылеит. Абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Иара иазгәеиҭеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 ауаажәларра рҿы еиуеиԥшымкәа аилкаара шаиуз. АКХ ахь инашьҭын акандидатцәа рхаҭарнакцәа рҟынтәи азыҳәақәа ахәҭаҷ аилыркааразы.

Уи зыхҟьаз уи ауп, азакәан аҟны еилыкка иарбаӡам аҩбатәи атур аан аиааира згаз акандидат дшалкаатәу, ҷыдала иааугозар: абжьқәа реиҳарак зауз иакәу, ма аҩбатәи акандидати "зегьы ирҿагылоу" аграфеи еизакны ироуз абжьқәа еилаҵаны иреиҳаны изауз акандидат иакәу. Алхратә штабқәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәарақәа рышьҭахь, ирыӡбеит - аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа реиҳарак зауз акандидат.

"Иара убасгьы апункт "зегьы сырҿагылоит" иалшоит абжьы еиҳа еиҳаны иаиур. Усҟан алхрақәа зыҟамлеит ҳәа иршьоит. Акгьы еицырҵом, акгьы еигдырхом. Ахархәара аҭахоит абжьқәа реиҳарак рыԥхьаӡара апринцип. Аха акандидатцәа рҩыџьагьы абжьқәа еиҟараны роур, апункт "зегьы сырҿагылоит" заҟа бжьы аиуз иахьмырԥшыкәа алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа ирԥхьаӡоит", - иҳәеит Гогьиа.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымбеи Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит

Азакәан аилыркаара апроблема ӡбахарц азы АКХ Апарламент, Аконституциатә ӡбарҭа, ареспублика Иреиҳаӡоу аӡбарҭақәа рахь иадҵаалеит.

"Жәлар Реизара уажәы аԥсшьара рымоуп. Апарламент ҳашәҟәы аҭакс иазгәанаҭеит азакәан ахархәашьа азҵаарақәа зегьы адепутатцәа ралхразы азакәан ахәҭаҷ 15 ишуеилнаркаауа", - ҳәа иҳәоит АКХ ахантәаҩы.

Иара убасгьы, иара иажәақәа рыла, аӡбамҭа адкылараан уи азы АКХ азинмчрақәа шамаз шадыруазгьы, Иреиҳаӡоуи Аконституциатәи ӡбарҭақәа рахь азҵаара нанашьҭит.

Убри аан Гогьиа иазгәеиҭеит АКХ аӡбамҭа ахашшааразы азин шыҟоу.

Ахәҭаҷ 19 ишаҳәо ала, аҩбатәи атур алҵшәақәа рыла аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак зауз акандидат, егьи акандидат иоуз абжьқәа ирҿырԥшны, убри аан уи иҿагылоу абжьқәа иреиҳазароуп. Зыбжьы азҭаз атәылауаа рхыԥхьаӡарагьы 25% иреиҵамзароуп.

Аҩбатәи атур ахь инеит Аԥсны иахьатәи ахада Рауль Ҳаџьымбеи (24,83%) аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи (22,56%).

АКХ адыррақәа рыла, алхрақәа рахь инеит 65,18% ауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0