Аҵыхәтәантәи алҵшәақәа: Аԥсны ахадарахьы алхрақәа актәи ртур шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада нанҳәа 27 рзы ирыланаҳәеит ахада иалхрақәа актәи ртур аҵыхәтәантәи алҵшәақәа.

Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур аҵыхәтәантәи алҵшәақәа Алхратә комиссиа хада ирыланаҳәеит.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымбеи Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит

Аҩбатәи атур ахь инеит иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, уи иоуит 24,83% (20 551 бжьы), аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа, уи иоуит 22,91% (18 995 бжьы).

Олег Аршба изы рыбжьы арҭеит 22,56% (18 668-ҩык ауаа). Асҭамыр Ҭарба иоуит 6,89% (5 703 бжьы). Леонид Ӡаԥшьба ирҳаит 5,97% (4 938 бжьы). Шамиль Аӡынба изы рыбжьы арҭеит 4,32% (3 579-ҩык ауаа), Алмас Џьапуа иоуит 2,12% (1 755 бжьы), Артур Анқәаб - 1,7% (1 403), Асҭамыр Какалиа - 1,02% (841 бжьы).

Арҭ акандидатцәа рахьтә аӡәгьы атәыла ахадас дырбар рҭахым 1,9% алхыҩцәа - 1 666-ҩык ауаа.

Ԥлиаԥҳа абжьыҭаразы: "зегьы ирҿагылоу" ацәаҳәа сақәшаҳаҭым>>

АКХ адыррақәа рыла, зынӡа алхрақәа рахь иааит 65,18% алхыҩцәа, рыбжьы арҭеит 82 752 ауаа.

Аҩбатәи атур ҟалоит цәыббра 8 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0