Аԥсуа ԥкьаҭасыҩ Ерика Кәарҷиаԥҳа Шәача аиааира лгеит

Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи Урыстәылазегьтәи астолтә ԥқьаҭ азы аиндаҭларақәа мҩаԥысит Шәача, цәыббра 12 - 15 рзы. Аиндаҭларақәа рҿы аӡәаӡәалеиԥш ҩыџьа-ҩыџьалагьы еиндаҭлон.

АҞӘА, цәыббра 16– Sputnik. Аԥсуа ԥкьаҭасыҩ Ерика Кәарҷиаԥҳа актәи аҭыԥ нылкылеит есышықәсатәи Урыстәылазегьтәи астолтә ԥкьаҭ азы аиндаҭларақәа раан Шәача.

Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы аилак ишаанацҳауа ала лара иара убасгьы иналыгӡеит астолтә ԥкьаҭ азы Урыстәыла аспорт азҟаза инорматив.

Ерика Кәарҷиаԥҳа астолтә ԥкьаҭ дасуеижьҭеи ԥшьышықәсоуп.

49-тәи иаарту Шәачатәи аиндаҭларақәа мҩаԥысуан цәыббра 12-15 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0