Азиндырыҩ Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ азы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа апрезидиум акәаԥ аргылароуп

CC0 / / Суд
Суд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 17 рзы Аԥсны ахадарахь акандидат Алхас Кәыҵниа АКХ аӡбра аиашареи аиашамреи рзы ишшыԥхьыӡ аганахь ала еилатәоит.

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Аганқәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра рыдрымкылар аҵыхәтәантәи ажәа амоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз азиндырыҩ Зарина Габеева.

"Ахашшааратә инстанциа аӡбра аганқәа адымгылар, аӡбарҭатә системаҿы иреиҳау ажәа змоу Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум ыҟоуп. Иароуп аҵыхәтәантәи акәаԥ зыргылаша", - лҳәоит Зарина Габеева.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ианахәаԥшуа арыцхә азгәанаҭеит

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩныҵҟала аӡбамҭа аднакылароуп.

Алхас Кәыҵниа игәаанагарала алхрақәа раантәи аиааиҩы бжьеиҳала далхтәуп аха убри аан "зегьы сырҿагылоит" ҳәа зыбжьы азҭаз рыбжьқәеи аоппанент изы иаҭаз абыжьқәеи иреиҳаны абжьы имазароуп.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьы еиҳала далхызарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭирақәа рыламҭалаз. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа цәырнагоит. Уи иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан ииааиз дшалкаатәу.

Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Ажәабжьқәа зегьы
0