Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ианахәаԥшуа арыцхә азгәанаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИреиҳаӡоу аӡбарҭа
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, цәыббра 13 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахьала заатәи азыӡырыҩрра мҩаԥнагеит

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аԥсны ахадарахьы алхрақәа ирылахәыз акандидат Алхас Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь Аԥсны АКХ аӡбамҭа аганахьала ашшыԥхьыӡ наишьҭит, уи алхрақәа рылҵшәазы иҟанаҵаз алкаақәа иашам ҳәа ахҳәааны. Ашшыԥхьыӡ азы аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 17 асааҭ 11:00 рзы, абри атәы рыӡбеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аилатәараҟны ахәаша, цәыббра 13 рзы.

Аԥсны Апрокуратура хада атәылауаҩра-ӡбарҭатә ҟәша аиҳабы Елена Ҷыҭанааԥҳа аҳәара ҟалҵеит аилатәарахь шаҳаҭцәақәак рыҳасаб ала АКХ алахәылацәа: Ҭамаз Гогьиа, Руслан Ԥанҭиа, Ануш Хаџьикиан аарыԥхьарц.

Ашшҩы иган ықәгылеит Аԥсны АКХ алхрақәа реихшьаалазы аӡбамҭа аанкылазарц азы ауснагӡатәқәа рыдкыларазы аиҭахашшара ҟаҵаны.

"Акандидатцәа руаӡәк ииааира азхаҵаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа хада аӡбамҭа анагӡара хнырҳәышьа змам аҭагылазаашьақәа аԥнаҵар ахьалшо, аҳәара ҟаҳҵоит аӡбарҭа уи аӡбамҭа аусура ааннакыларц", - иҳәеит Алхас Кәыҵниа ихаҭарнак.

Аӡбаҩцәа аҭыԥ аҿы реилацәажәараан ирыӡбеит ашшҩы иган азыҳәа мап ацәнакырц.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Кәыҵниа алхрақәа реихшьаала дахьақәшаҳаҭым азы: азин имоуп

Азакәан инақәыршәаны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа абри ашшыԥхьыӡ аганахьала аӡбамҭа аднакылароуп жәамш рыҩнуҵҟа.

Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны АКХ аӡбамҭа азакәан шьаҭа агәаҭаразы. Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩнуҵҟа уи азы аӡбамҭа аднакылароуп.

Алхас Кәыҵниа игәаанагарала, алхрақәа раан аиааира згаз абжьқәа реиҳарак рыла далхтәуп, аха убри аан "зегьы сырҿагылоит" ҳәа зыбжьы азҭаз рыбжьқәеи аоппонент изы иаҭаз абыжьқәеи еилаҵаны раасҭа еиҳаны абжьы имазароуп.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхызарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа цәырнагоит. Уа иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан иаиааиз дшалкаатәу. Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Аԥсны Апарламенти Аконституциатәии Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәеи рахь ацхыраараз ашәҟәқәа наишьҭит.
"Апарламент адепутатцәа аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рымоуп. Ҳашәҟәы аҭакс "Аԥсны Аҳәынҭқарра адепутат иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 15 ҳазхьадырԥшит", - иҳәеит Гогьиа.

Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0