Аҟазара аԥсҭазааразы: Пицунда агәыҳалалратә концерт мҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik Пицундатәи ауахәама
Пицундатәи ауахәама - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи агәыҳалалратә концерт амҩаԥгара аламҭалаз ауснагӡатә аиҿкааҩи алахәылацәеи Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы уи амҩаԥгашьа иалацәажәеит.

Аклассикатә музыка есышықәсатәи агәыҳалалратә концерт мҩаԥысуеит Пицундатәи ауахәамаҿ цәыббра 23 асааҭ 20:00 рзы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аклассикатә музыка есышықәсатәи агәыҳалалратә концерт Пицундатәи ауахәамаҿ амҩаԥгаразы апроект хацыркын 2014 шықәса рзы. Уажәтәи аконцерт аҟны еизырго аԥара аздырхоит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Олесиа Кәарҷелиаԥҳа лыхәышәтәра.

"Пицундатәи ауахәамаҿы ақәгыларазы аԥсуа шәаҳәаҩцәеи акомпозиторцәеи рааԥхьара алзыршо апроект еиҿаҳкаарц ҳаӡбеит. Иара убасгьы еиҿаҳкаауеит ацәыргақәҵа. Хәышықәса рыҩнуҵҟа апроект рҽаладырхәит еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, ахазхаҿқәа. Еизгоу аԥара азырхахоит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рыхәышәтәра", - ҳәа Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы еиҭеиҳәеит афонд аԥҵаҩы, ауснагӡатә аиҿкааҩ Азамаҭ Багаҭелиа.

Хәышықәса рыҩнуҵҟала еизган ҩ-миллионк инарзынаԥшуа аԥара.

"Апроект есышықәсатәиуп. Ҳгәыӷуеит сынтәагьы ҳацхыраара зҭаху ахәыҷқәа ҳрыхәап ҳәа", - иҳәоит иара.

Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит Олесиа Кәарҷелиаԥҳа лыхәышәтәразы 300 000 мааҭ аԥара еизгатәуп ҳәа. Иахәҭоу аԥара зегьы аизгара залмыршахар, иаанхаз ргоит афонд арезервтә фонд аҟынтәи.

Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит аукцион "Анапқәа рыԥхара" атәы

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониеи акамертә оркестри рсолистка Нана Черқьезиаԥҳа Пицундатәи агәыҳалалратә концерт далахәылоуп.

"Еснагь ҳгәы хыҭхыҭуеит иахәҭоу аԥара ҳзеизгарымашь ҳәа. Асценахь ҳнеирагьы аҷыда ҟазшьа амоуп. Ҳзызнеиуа аадыруеит", - лҳәеит Черқьезиаԥҳа.

Артистцәа ахаангьы ауснагӡатә алахәра мап ацәыркуам ҳәа лҳәеит ашәаҳәаҩ.

Альтарҳәаҩ Михаил Алхазов иазгәеиҭеит агәыҳалалратә концерт аҿы ақәгылара еснагь ишҭакԥхықәроу.

Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа далацәажәеит аинтернет аҿы иҟоу ацҵа tooba.

"Афонд аԥарадкылара иалагеит аинтернет аҟны аԥшьы tooba ахархәарала. Уи аԥҵаҩцәа иара иахыԥхьаӡалоу аԥарақәа зегьы афонд ахь ииаргоит. Аԥареизгара хыркәшахом ачымазаҩ ихәышәтәра хыркәшахаанӡа", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Аԥшьы ахархәарала уаанӡа еизган 250 000 мааҭ. Уажәы аԥареизгара иаҿуп ичымазцәоу ҩыџьа ахәыҷқәа рзы.

"App Store ала ари аԥшьы аҭел ахь иҭагаланы, хылаԥшра заҳҭо ахәыҷқәа рыцхыраара зегьы ирылшоит", - ҳәа азгәалҭеит афонд адиректор.

Агәыҳалалратә концерт алагоит асааҭ 20:00 рзы, ацәыргақәҵа-ҭира алагоит асааҭ 19:00 рзы.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны – аконцерт информациатә партниорс иазыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0