Иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы иалагеит Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ала аӡбаҩцәа реилатәара

© Sputnik / Сария Кварацхелия Заседание Верховного суда,20 сентября 2019
 Заседание Верховного суда,20 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәашаҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы имҩаԥысуеит Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ала аӡбаҩцәа ахԥатәи реилатәара.

АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Ахәашаҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы иалагеит Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ала аӡбаҩцәа изаамҭанытәиу ахԥатәи реилатәара. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Заседание Верховного суда Абхазии, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Аусӡбарҭаҿ аҭагылазаашьа: уажәтәи аамҭазы идыру

Азашшҩы ихаҭа аӡбара далахәым. Аӡбарҭаҿ иҟоуп ихаҭарнакцәа. Азашшыҩгьы аҭкҳәаҩгьы рхаҭарнакцәа агханы инеиит аусӡбарҭахь.

Аҭакҳәаҩ идукат Теиа Чагунава иацтәи аилатәараан азыҳәа ҟалҵеит алхратә зин аҟаза аус дадыԥхьалазарц. Уи уажәы лзыҳәа мап ацәылкит аҟазауаҩ алкаақәа рырхиара дахьахьымӡаз иахҟьаны.

Аӡбаҩцәа русура иацырҵеит.

Иацы ирзыӡырҩын аҩ-ганкгьы, аха аҩымҭатә рҵабыргыгақәа рыхәаԥшра иахьымӡеит аилатәара быжьсааҭк рҟынӡа ишымҩаԥысуазгьы.

Ашаҳаҭ, Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа, адукат Инга Габлиаԥҳа лзыҳәала иацтәи аилатәараҿы ашаҳаҭ истатус аҟынтә аҭакҳәаҩ истатус ахь диаган.

Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану Асида Шьаҟрылԥҳа иацы аҳәамҭа ҟалҵеит апроцесс даладырхәырц, аха уи мап ацәкын.

Иахьатәи аилатәараан иҭҵаахоит аҩымҭатә рҵабыргыгақәа.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ еилзыргараны иҟоу аӡбаҩцәа рыԥсахра мап ацәкуп

Цәыббра 9 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада аофициалтә дырра ҟанаҵеит: Аԥсны ахада иалхрақәа раан аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыла атәыла ахадас Рауль Ҳаџьымба далхуп ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766–ҩык алхыҩцәа. Абжьыҭарахь инеит 65,99% алхыҩцәа.

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 13 рзы иаҵахаз акандидат иашшразы заатәи аилатәара мҩаԥнагеит, уи аан ашшҩы АКХ аӡбамҭа аанкыларазы азыҳәа ҟаиҵеит, аха уи мап ацәнакит аӡбарҭа.

Цәыббра 17 рзы азашшҩы ихьӡала аӡбарҭаҿы иқәгылоз адукат Инга Габилаиаԥҳа аӡбаҩцәа реилазаара иашан ишьақәыргылам ҳәа ахҳәааны, ирыԥсахразы адҵа ықәлыргылеит.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхзарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. Уи зыхҟьаз уи ауп, "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа ахьцәырнаго ауп. Уа иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан иаиааиз дшалкаатәу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0