Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит
Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхраан иаҵахаз Алхас Кәыҵниа Аԥсны Алхратә комиссиа хада алкаақәа иашам ҳәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь дышшит.

Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ала раԥхьатәи аусӡбаратә еилатәара амҩаԥысшьеи, атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа идгылаҩцәа реизареи, апарк "Алакә" аҿаԥхьа Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәеи реизара атәы шәаԥхьар алшоит Sputnik аматериал аҿы.

Бадри Есиава, Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсны ахадарахь акандидат Алхас Кәыҵниа Аԥсны Алхратә комиссиа хада алкаақәа иашам ҳәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ишшыԥхьыӡ аганахь ала аилатәара азгәаҭан цәыббра 17 асааҭ 11:00 рзы. Аилатәара аламҭалаз апартиа "Амцахара" аофис аҿаԥхьа еизеит Кәыҵниа идгылаҩцәа. Иара убри аамҭазы Аԥсны ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит
Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбра азинхьчаратә органқәа акәшаны игылан. Аусӡбарҭатә зал ахь инеиуаз аметаллԥшаагақәа рыла игәарҭон.

Асааҭ 11:00 рзы аилатәаратә зал уаала иҭәын. Аусӡбара иалахәхарц зҭахыз зегьы аҭыԥ рмоуит.

Шаҳаҭҩык иҳасаб ала арахь дааиит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа. Азашшҩы Алхас Кәыҵниа аусӡбарҭахь дымнеиӡеит. Уахь днеиит иара ихаҭарнак, адукат Инга Габлиаԥҳа.

Заседание Верховного суда Абхазии, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аилатәара аҿҳәара инахоуп

Аилацәажәара хацыркын асааҭ 11:10 рзы. Ахантәаҩы Генри Гамисониа аганқәа ашшыԥхьыӡ дырзаԥхьеит.

Ажурналистцәа иҭырхырц азин рырҭеит аофициалтә хәҭа амацара.

Лара адҵа ҟалҵеит аӡбарҭа аилазаара мап рыцәкызарц, избанзар дара аханатә аилагара аманы еидкылан.

"Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы аӡбаҩ Анри Барцыц ицынхәрас (Анри Барцыц иҳәеит Алхас Кәыҵниеи Аслан Барцыци дахьрыуоу азы икандидатура ықәигеит - аред.) аӡбарҭатә коллегиа далагалан Оксана Ԥлиаԥҳа. Ари еилагаран иҳаԥхьаӡоит. Аӡбарҭа ахантәаҩы аӡбаҩ диԥсахыр алшоит аус иахәаԥшуа аӡбарҭа аилазаара зегь иԥсахуазар. Анри Барцыц аилазаара ихалхра дақәшаҳаҭхеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа. Ари административтә усӡбараз Аԥсны Аҳәынҭқарра акодекс аԥҟара иаҿагылоит", - лҳәоит Габилаиаԥҳа.

Аӡбарҭа акәзар аилазаара аиҿкаараан еилагара ыҟаны иашьом. Рауль Ҳаџьымба ихаҭарнак Валери Агрба аӡбаҩцәа ирҳәо дақәшаҳаҭуп. Иара игәаанагара ала Барцыц ихықәгара мҩаԥган аус ахәаԥшранӡа.

"Абри аусӡбара аламҭалаз аганқәа ирыҭан азҵаара – аӡбаҩцәа реилазаара аганахь ала ӡәыр дықәыжәгома ҳәа. Уи аҭакс аҳәамҭа ҟаҵан аӡәгьы дшықәгамхо азы. Убри аан аӡбаҩцәа реилазаара аԥсахра азухахьан", - иҳәоит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит
Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит

Аӡбаҩ Генри Гамисониа иҳәеит аӡбаҩцәа реилазаара аԥсахра азҵаара зыӡбар зылшо Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа заҵәык шлакәу азин змоу.

Аԥсны АКХ аӡбра изадымгыло Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәа апартиа "Амцахара" аштаб ахь инеиит асааҭ 11:00 аламҭалаз.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара мҩаԥысуанаҵы ара еизеит 300-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аусӡбара амш анахырга ашьҭахь ауаа рахь инеиит Алхас Кәыҵниа, Дмитри Дбар, Баҭал Табагуа.

Суд - Sputnik Аҧсны
Азиндырыҩ Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ азы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа апрезидиум акәаԥ аргылароуп

"Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа реилазаара еилагарыла еиҿкаан. Ҳара иара убасгьы азыҳәақәа ҩба наҳашьҭит: аҭоубашьҭаҵареи АКХ аӡбареи рызҵаара аанкылазарц", - иҳәеит Табагуа.

Табагуа иара убасгьы иазгәеиҭеит аусӡбарҭа ахыбра иакәыршаны ауаа ахьдыргылаз оумашәа ишибо, избанзар дара зинеилагарак шыргәиҭам.

Алхас Кәыҵниа иқәгылараан иҳәеит икомандагьы иаргьы рхықәкқәа закәанмҩала ирыӡбарц шрыгәҭаку. Иаргьы иазгәеиҭеит ахада Иусбарҭахь ауаа рнеира агәыҩбара шизцәырнаго.

Иара еизаз рахь ааԥхьара ҟаиҵеит иҭынчны рхы мҩаԥыргаларц, иагьациҵеит еиҭахгьы аизара ахәҭаны иҟалар дышрықәгәыӷуа.

Аԥсны аиҳабыра рхыбра аҿаԥхьа еизеит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа, 400-ҩык инарзынаԥшуа. Ҳаџьымба еизаз рахь днеины ирылеиҳәеит Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшуа аӡбарҭа аусура аҽа ҩымш-хымш ицар шыҟало. Иаргьы идгылаҩцәа рахь аҳәара иуит алхрақәа рызҵаара аҭыԥ иқәҵахаанӡа адгылара ирҭарц.

Ҳаџьымба иқәгылара ашьҭахь еизаз ауаа еимпит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит
Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь аҿы ауаажәларратә акциақәа мҩаԥысит

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0