00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ԥсоу инаркны Егрынӡа: Аиааира амш ахьӡала акциа мҩаԥгахоит

© SputnikАкция "Путь наших героев"
Акция Путь наших героев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира Амш есышықәса иазгәарҭоит цәыббра 30 рзы. Акция "Ҳфырхацәа рымҩалагьы" цәыббра 29 рзы ахы акуеит, аха иара алахәылацәа Егрынӡа инаӡараны иҟоуп.

АҞӘА, цәыбба 24 — Sputnik, Бадри Есиава. Апатриоттә акциақәа ҩба "Афырхацәа рышьҭралеи" "Ҳфырхацәа рымҩеи" Аԥсны имҩаԥгахоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит акциақәа реиҿкааҩцәа Нар Ҭаниеи Алиас Голанӡиеи.

Акциа "Афырхацәа рышьҭрала" алахәылацәа Ԥсоутәи аҳәынҭқарратә ҳәаа инаркны амҩа иқәлоит цәыббра 29 рзы, Аҟәанӡагьы иааӡараны иҟоуп цәыббра 30 рзы.

Автопробег - Дорогами Войны - Sputnik Аҧсны
"Афырхацәа рымҩала" алахәылацәа рымҩа хацдыркит

"Шьапыла Ԥсоу инаркны Аҟәанӡа шьапыла амҩа ҳанысуеит. Иахьатәиала акциа алахәхара зҭаху рсиа 74-ҩык инаӡоит. Иара еиҳа-еиҳа иацлоит. 120-ҩык иреиҵахарым ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәоит Ҭаниа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит акциа алахәылацәа аибашьцәа рбаҟақәа рҿаԥхьа иааҭгыланы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵараны ишыҟоу. Дара рнапаҿы иркуеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рбираҟқәа.

"Аԥсны ажәытә бираҟқәа ҳзыԥшаар, урҭгьы мҩанаагон. Убас ҟаҳҵеит 2007 шықәса рызгьы. 12 шықәса ирықәуп абри акциа мҩаԥаагоижьҭеи. Ҵыԥх акциа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы имҩаԥган. Абас инеиҭак-ааиҭакны имҩаԥаагалар еиҳа еиӷьны иҳаԥхьаӡеит", - иҳәеит иара.

Акция "Ҳфырхацәа рымҩалагьы" цәыббра 29 рзы ахы акуеит, аха иара алахәылацәа Егрынӡа инаӡараны иҟоуп.

"Аҟәантәи Егрынӡа ҳамҩа хоуп. Алахәылацәа рсиа аиҿкаара ҳаҿуп. Ҵыԥх ҳара 80-ҩык ҳаҟан. Аҵара аминистррахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп астудентцәеи ашколхәыҷқәеи акциа шымҩаԥгахо азы адырра рырҭарц", - иҳәеит Голанӡиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0