Гагра ақалақь аҿы атрансформатортә фымцастанциаҟны ахәыҷы дҭахеит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраатрансформатортә фымцастанциа
атрансформатортә фымцастанциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 асааҭ 17:15 рзы Гагра ақалақь аҿы ахәыҷы џьит дшыхәмаруаз, атрансформатортә фымцастанциаҟны иҽиҵәахуеит ҳәа дахьыҩналаз, афымца исын, иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2007 шықәса рзы ииз ахәыҷы иҩызцәеи иареи реицыхәмарраан атрансформатортә хыбра дахьыҩналаз афымца исны дашьит ҳәа Sputik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аусбарҭа адыррақәа рыла арыцҳара ҟалеит цәыббра 30 асааҭ 17:15 рзы.

Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслава Аргәын иажәақәа рыла, ахәыҷы ахәышәтәырҭахьгьы днарымгеит, аҭыԥ аҿы дыԥсит.

Абри аус аҭҵаара напанаркит Гагратәи араионтә прокуратура.

"Уажәы ашьақәыргылара иаҿуп атрансформатор аҭагылазаашьазы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рышьақәыргылара. Агәаҭарақәа рматериалқәа рыла, астанциа маҷ ашәқәа аартын. Иаакәыршангьы анеирҭа ԥызкша акгьы ыҟамызт. Амаҵзуратә ҭакԥхықәра зқәу ахаҿы ишьақәыргылара ашьҭахь уи иганахьала аусҭҵаара напаркхоит", - иҳәеит апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

2018 шықәса жәабранмзазы абри аҩыза ахҭыс ҟалеит Аҟәа ақалақь аҿы. Усҟан иԥсҭазаара далҵит жә-шықәса зхыҵуаз Нестор Аршба.

Абри арыцҳара ашьҭахь астанциа маҷқәа рышәқәа рыӷәӷәан, 250 рҟынӡа сапат аахәаны ирҿаҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0