Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара Жәларбжьаратәи атурнир аадыртит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАхымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы атурнир
Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы атурнир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара изаамҭанытәиу абыжьбатәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥгахоит жьҭаара 7 асааҭ 12:00 рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Есышықәса еизҳауеит атурнир алахәылацәа рхыԥхьаӡара. Иахьазы Аԥсны акомандеиԥш, аҳәаанырцәтәи акомандақәа даҽа хәба алахәуп.

АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik, Бадрак Авидзба. Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара Жәларбжьаратәи изаамҭанытәиу абыжьбатәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" хацыркхеит жьҭаара 7 рзы. Атурнир аадыртуеит асааҭ 12:00 рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Атурнир мҩаԥысуеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазкны.

"Атурнир хықәкыс иамоуп зымаха-зышьаха змыхәо ауаа ареабилитациа рахыжьра, аԥсҭазаара ранраалара. Уи адагьы аиҩызара, аԥсшьара, аибадырра ирызҳархоит ҳаиқәшәарақәа", - иҳәоит атурнир аицеиҿкааҩ Ахиллес Маврофиди.

Аицлабрақәа зеиҿкаау аиааира зхы ақәызҵаз аибашьцәа ауаа ргәалашәараҿы наӡаӡа иаанхарц ауп ҳәа азгәеиҭоит иара.

Ахәмаррақәа еикәшараны имҩаԥгахоит, акомандақәа дара-дара еицыхәмаруеит нас афиналбжеи афинали рахь инеиуеит иҳәоит Маврофиди.

Финал Международного турнира по мини-футболу Кубок Победы - Sputnik Аҧсны
"Аиааира Ахраҿа" атурнир аҿы Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарыҩцәа аиааира ргеит

Атурнир аҽалархәразы арахь иааит акоманда нагақәа. Убас, Узбекистан акоманда ԥшьынтә адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ иаԥсахахьеит.

"Сара ашьапылампыл сыхәмаруеижьҭеи рацәак ҵуам. Урыстәылатәи ачемпионат салахәын, уажәы – Аԥснытәи. Аветеранцәа рыхәмаррақәа аԥышәа сырҭап ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәоит Даӷьсҭантәи ахәмарыҩ Махач Амирханов.

Жәларбжьаратәи изаамҭанытәиу абыжьбатәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥысуеит жьҭаара 7 - 14 рзы, иалахәхоит Аԥсны, Барнаул, Чечентәыла, Кемерово, Узбекистан, Даӷьсҭан ркомандақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0