Рауль Ҳаџьымба имаҵура анагӡарахь инеира иазку аилатәараҟны дықәгылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнаугурация президента Абхазии Рауля Хаджимба
Инаугурация президента Абхазии Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵзураҭыԥ ахь инеиразы иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥган Аԥсны Аминистрцәа реилазаара азал ду аҟны, жьҭаара 9 2019 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik, Бадри Есиава. Рауль Ҳаџьымба имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәараҟны еизаз рҿаԥхьа ажәахә ҟаиҵеит.

"Ииасыз ашықәсқәа рзы иҟаҵоу маҷӡам. Ҳара иҳалшеит афинанс-економикатәи абанктәи системақәа, агәабзиарахьчара, акультура, атәылахьчара, ашәарҭадара, аӡбарҭатәи аконституциатәи системақәа русхк аҟны аиҭакрақәа рымҩаԥгара. Зегь раасҭа ихадоу ауадаҩрақәа жәпакы риааира ахьҳалҳаршаз ауп. Аамҭа рацәа ҳцәагеит ԥхьаҟатәи аҿиара аҵаҵӷә бзиа аҭара, азырхиара", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит ареспублика аҿиара аиуразы ишхымԥадатәиу аполитикатә ҭышәынтәалара. Урыстәылеи Аԥсныи реинырра, реизааигәахара набыцрак зқәым акеиԥш дахәаԥшуеит Аԥсны ахада.

Инаугурация президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аҭоуба шьҭеиҵеит

"Ԥхьаҟагьы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа атәылақәа рыҩбагьы рыжәларқәа рзы ихәарҭаны иҟаларазы", - иҳәеит иара.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара акрызҵазкуа усны ишаанхо.

"Агәра згоит Шьамтәылатәи Арабтә республика инашьҭарххны егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵап ҳәа", - иҳәоит ахада.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит атәыла ауааԥсыра рыбзазара ахаҭабзиара аҳаракразы иҟаҵатәу шырацәоу.

Атәыла ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит алхрақәа раан игәра згаз атәылауаа, ааԥхьара ҟаиҵеит аполитикатә мчрақәа зегь рахь аҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш азы аилацәажәараз.

Иажәахә хырқәшо атәыла ахада иҳәеит алхрақәа шхыркәшахаз, аусура нап шарктәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0