Аԥсны зыԥсы иадгьылыз: Александр Бардодым Роин Агрба игәалашәараҿы

© Фото : предоставлено Маргаритой БардодымАлександр Бардодым
Александр Бардодым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 16 хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Александр Бардодым имшироуп. Уи игəалашəара аҳаҭыразы ҳиҿцәажәеит иҩыза Роин Агрба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аурыс поет, ажурналист, аиҭагаҩ Александр Виктор-иԥа Бардодым гəыла-ԥсыла еснагь Аԥсны дадҳəалан. Аамҭак шааиоуаз иаразнак Аԥсныҟа иҩызцəа рахь даауан, аратəи аԥсабара, аҳауа, ауаа акыр изааигəан, иаргьы дырзааигəан. Иара аԥсшəа аҵара илиршеит, анаҩс аԥсуа поетцəа ражəеинраалақəа аурысшəахь еиҭеигон, иҭиҵаауан Аԥсны аҭоурых акультура.

Роин Агрбеи Александр Бардодыми еибадырит 1989 шықəса рзы. Убри нахыс иҿымцəаауаз аиҩызара рыбжьан, еиқəшəалон Аҟəа, Афон ҿыц, Москва.

© Фото : предоставлено Маргаритой БардодымАлександр Бардодым аԥснытәи иҩызцәеи иареи
Аԥсны зыԥсы иадгьылыз: Александр Бардодым Роин Агрба игәалашәараҿы - Sputnik Аҧсны
Александр Бардодым аԥснытәи иҩызцәеи иареи

"Москватəи алитературатə институт аҿы аҵара аниҵоз, Саша аԥсуааи иареи еибадырит. Курск аҿы еидтəалан апоетесса Гəында Сақаниаԥҳаи иареи егьырҭ аԥсуааи. Убри нахыс Аԥсны даара бзиа ибеит, лассы-лассы даалон. Гиви Смыри иареи еибадырит, даара аизыҟазаашьа бзиа рыбжьан, "сыҷкəын" ҳəа аниеиҳəалозгьы ыҟан", - ҳəа азгəеиҭоит Роин Агрба.

Александр Бардодым диит Москва, жьҭаарамза 16, 1966 шықəса рзы. 1984 шықəса рзы дҭалоит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатə институт. Уа курск аҟны иқәшәеит аԥсуа студентцәагьы - Аслан Занҭариа, Омар Сангәлиа, Даур Аршба, Баҭаҟәа Ҭарба, Леила Ԥачлиаԥҳа, Гәында Сақаниаԥҳа. Аԥсуа литературазы асеминарқәа рзымҩаԥигон Денис Чачхалиа.

© Фото : предоставлено Маргаритой БардодымАлександр Бардодым Москва аҵара аниҵоз ашықәсқәа раан иҩызцәа аԥсуаа рыгәҭа
Аԥсны зыԥсы иадгьылыз: Александр Бардодым Роин Агрба игәалашәараҿы - Sputnik Аҧсны
Александр Бардодым Москва аҵара аниҵоз ашықәсқәа раан иҩызцәа аԥсуаа рыгәҭа

Александр иҵара хиркəшаанӡа аррамаҵзура дахысыр акəхеит, аинститут далгеит 1991 шықəса рзы.

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага, Александр Бардодым аганахь даанымхеит. Раԥхьатəи амшқəа рзы агазеҭ "Куранты" аҟынтə командировка ҳасабла Новочеркасскҟа дцеит, уантə Черқьесскынтə Грозныиҟа, Грозныинтəи Шамиль Басаев игəыԥ дацны шьхала Гəдоуҭанӡа дааӡеит.

"Хатəгəаԥхарала Грозныинтəи иааз раԥхьатəи агəыԥ Руслан Гелаев напхгара зиҭоз далан, мышқəак рнаҩс Гелаев данца, Шамиль Басаев командаҟаҵаҩыс дзауз иара убри агəыԥ далалеит раԥхьатəи амшқəа инадыркны. Иареи сареи гəыԥк аҿы ҳаицыҟан. Ихаҭара џьашьатəын Саша. Ҳара ҳахьцоз зегьы ҳаицын, аха зныкгьы абџьар ҭимырҟьацызт. Автомат ҳамҭас ирҭаз далаҽхəон, избанзар Дудаев инапаҟынтə иоуит. Есыҽны иара илиршон арадио ашҟа аинформациа ашьҭра, агазеҭ "Куранты" азы ажəабжь ацҳара. Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқəа инарымаданы дыҩуан, акомментари аҟаҵарагьы дахьӡон", - игəалаиршəоит Роин Агрба.

Аинформациатə еибашьра аҭыԥ ҷыда анааннакылоз аамҭазы, Алеқсандр Бардодым илиршеит аҟазара аарԥшра. Аибашьра ианалага аԥхьатəи амшқəа рзы ус имариамызт аимадара ашьақəыргылара, Алеқсандр Бардодым уи аус иҽазҵəылхны дашьҭан.

"Иара убас, ажəабжь ицҳауан курск аҿы аҵара ицызҵоз, ҳара ҳҩыза Георги Лексис ила, иара иԥсҭазаара далҵхьеит. Георги Лексис Москва арадио "Свобода" аҿы корреспондентс аус иуан. Саша еиҳарак аинформациатə еибашьра дазықəԥон, ицоз аибашьраҵəҟьа аасҭа", - иҳəеит Агрба.

© Фото : предоставлено Маргаритой БардодымАлександр Бардодым
Аԥсны зыԥсы иадгьылыз: Александр Бардодым Роин Агрба игәалашәараҿы - Sputnik Аҧсны
Александр Бардодым

Роин Агрба иажəабжь "А дикие волки продолжали драться" Александр Бардодым иоуп изызку. Уаҟа автор иҽазишəоит Саша ихаҭара аарԥшра.

"Зхатə гəыцə змаз, иуникалтəыз уаҩын. Иџьашьатəуп, иара дышьхауаҩымызт, даҽа ааӡарак иман, аха, ашьхарыуажəлар дрыламҩашьо дыҟан, убас иҟан ихымҩаԥгара, ичҳара. Аҭагылазаашьа уадаҩ аҟны аибашьра ахьанҭара ашьҭыхра илшеит. Аԥсҭазаара бзиа ибон, еснагь игəалаҟазаара бзиан, агəышьҭыхра илан", - ҳəа азгəеиҭоит Роин Агрба.

© Фото : предоставлено Маргаритой БардодымСаша еиҳарак аинформациатə еибашьра дазықəԥон, ицоз аибашьраҵəҟьа аасҭа
Аԥсны зыԥсы иадгьылыз: Александр Бардодым Роин Агрба игәалашәараҿы - Sputnik Аҧсны
Саша еиҳарак аинформациатə еибашьра дазықəԥон, ицоз аибашьраҵəҟьа аасҭа

Роин Агрба излаиҳəо ала, Александр Бардодым уамашəа ажəеинраалақəа дрыԥхьон, абжьааԥынтəи ицəажəара акəзар, хрыжь-хрыжь ишьақəгылан.

Леон иорден занашьоу Александр Бардодым Аԥсныҟа данаа ашьҭахь хымчыбжьа ааҵуаны дҭахоит, анышəгьы дамардоит Афон Ҿыц. Иара ауасиаҭ аанижьхьан, дҭахоны дҟалозар, Афон ҿыц анышə дамардарц азы.

"Афонҿыцтəи аибашьҩи сареи Саша иҭоубыҭ Москваҟа ашьҭразы катерла ҳаӷацəа рмацəаз иҭакыз Гагра ала Шəачаҟа иаҳгеит. Иҭаацəа ааит Шəачаҟа, рыҷкəын иԥсыбаҩ Москваҟа иргаразы. Аҳаирплан дынҭаҳҵахьан еиԥш еилаҳкааит, иҭаацəа мап шацəырымкуа Афон ҿыц анышə иамадара. Москва акциа амҩаԥгаразы, иара Лексис дназлаз, Москва ақалақь аҟны ирымазарц рҭахын Саша дызҭаз аҭоубыҭ, убри аҟынтə иҭаацəа амц иржьеит, "аԥсуаа Саша Аԥсны анышə дамардарц рҭахӡам" ҳəа. Ус анҳаҳа, аҭагылазаашьа ашəарҭара шацызгьы, ҩаԥхьа Гаграла амшынӷбала деиҭаҳархынҳəит", - иҳəеит Роин Агрба.

Аидарамҩангагатə ҳаирплан ала Бардодым иԥсыбаҩ Москваҟа идəықəҵаны, сааҭқəак рнаҩс аҭоубыҭ иацыз апассаџьырцəа мҩанызгоз аҳаирплан ала Москваҟа иԥрыр акəын. Аха аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, Бардодым иԥсы зыҿҳəараз Аԥсныҟа наӡаӡа иаагара алдыршеит иҩызцəа.

"Саша иҭаацəа, иҩызцəа зегьы ҳаицны ҳааит Афон ҿыцҟа. Араҟа анышə дамаҳдеит. Иҭаацəа Москва ирымаз-ирыхӡыз ҭины, рыҷкəын имаҭəақəа ишəҟəқəа рыманы, Аԥсныҟа нхара ииасит. Шықəсқəак раԥхьа иаб иԥсҭазаара далҵит, иан иахьа дынхоит Аҟəа ақалақь Аҳабла ҿыц аҟны. Иҩызцəеи ҳареи ҳаибабалоит, ҳаицəажəалоит, иҭаацəа ракəз

ар, даара иинтеллигентцәоу уаауп", - ҳəа азгəеиҭоит Роин Агрба.

© Фото : предоставлено Маргаритой БардодымВиктори Маргаритеи Бардодым рԥа Александр инышәынҭраҿы. Афон ҿыц
Аԥсны зыԥсы иадгьылыз: Александр Бардодым Роин Агрба игәалашәараҿы - Sputnik Аҧсны
Виктори Маргаритеи Бардодым рԥа Александр инышәынҭраҿы. Афон ҿыц

Александр Бардодым ирҿиара, аҭоурых иазынижьыз ацəаҳəақəа иахьа рҵакы дууп, урҭ ирылхны ирҳəоит ашəақəа. Аконфедератцəа иргимнхаз Бардодым иажəеинраалақəа ирылхны милаҭла ичечену Имам Алимсултанов иҩит ашəа: "Помянем тех, кто были с нами". Шықəсқəак рнаҩс, урҭ ажəақəа аҵак ҿыц роуит, аха иара дахьымӡеит...

Над грозным городом раскаты,

Гуляет буря между скал.

Мы заряжаем автоматы

И переходим перевал…

В страну, где зверствуют бандиты,

Горит свободная земля,

Приходят мстители-джигиты

Тропой Мансура, Шамиля...

Помянем тех, кто были с нами,

Кого судьба не сберегла,

Их души тают над горами

Как след орлиного крыла...

"Абарҭ ахкуплетк сара исирбахьан, аԥшьбатəи акуплет имыҩӡацызт. Шəача аморг аҟны иҭыԥ данықəырҵа, ашьа зыхьшыз имаҭəа ԥхьаркырц ианалага, аморг сыҩналан иџьыба сынҭалан исыԥшааит ашьа иаганы иҟаз иблокнот. Уаҟа ианын аҵыхəтəантəи иара иажəеинраалақəа, аԥшьбатəи акуплетгьы назлаз. Иара аблокнот алахьынҵаҵəҟьагьы џьашьахəуп, аҵыхəтəантəи асекундқəа рзы ахьчара ҳалшеит, еиқəхеит. Аблокнот аҟынтə анапылаҩыра ииҭахьаз аԥсыжраҟны Шамиль ицəыриган, иаҳирбеит. Уи абӷьыц Афон ҿыцтəи амузеи аҟны ишьҭазароуп, сгəы излаанаго ала, Шамиль ихиҩылаахьаз акəзар ҟалап, избанзар икьыԥхьны иҩуп", - игəалашəарақəа ҳацеиҩишеит Роин Агрба.

Зыуаҩра ҳаракыз, зҟазара ҵаулаз, Аԥсны азы зыԥсы зҭиуаз, зышьҭамҭа аҭоурых ианымҵуа иазынзыжьыз Александр Бардодым игəалашəара наӡаӡа хашҭра ақəымкəа иаанхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0