Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы апальма ҿыцқәа еиҭарҳауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа амшын аԥшаҳәаҿы апальма ҿыцқәа еиҭарҳауеит
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы апальма ҿыцқәа еиҭарҳауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымчыбжьа раԥхьа Аҟәа ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аԥхасҭа змаз апальмақәа ԥырҟеит. Уахьа урҭ рҭыԥан аиҭаҳатә ҿыцқәа ааргеит.

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа апальма ҿыцқәа еиҭарҳауеит ҳәа лҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Елена Атиопина.

"Ижәдыруеит ҳпальмақәа аԥхасҭа ду шрымоу. Убри инадҳәаланы иҳаӡбеит иԥхасҭоу апальмақәа ықәганы аҿыцқәа еиҭаҳҳарц. Аботаникатә баҳчеи ҳареи ҳаицәажәара ашьҭахь аҵиаа ҿарақәа ҳзалырхит", - ҳәа лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла амшын аԥшаҳәа адгьыл апальмақәа рзы ибзиаӡам.

"Ара адгьыл аӡы амоуп. Уи апальмазы ибзиаӡам. Ҳаԥхьаҟа азхәыцра аҭахуп аиҭакрақәа рымҩаԥгара. Уажәазы апальмақәа быжьба еиҭаҳҳаит", - ҳәа азгәалҭеит Атиопина.

Лара илҳәеит апальмақәа ареспублика ахаҿсахьа азырԥшуа аҵиаақәа ишреиуоу.

"Ҳара ӡынгьы-ԥхынгьы асасцәа ҳҭоуп. Аҵлақәа хырҟәыдааны рыҟазаара ҳақалақь ахаҿы арԥшӡомызт", - ҳәа еиҭалҳәоит Елена Атиопина.

Еиҭарҳаз апальмақәа раԥхьаҟа ҩ-метрак рҟынӡа ирызҳауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0