Урыстәылатәи аруаа ауснагӡатә "Аԥшаҳәа цқьа" мҩаԥыргеит

© Foto / Пресс-служба ЮВО Военнослужащие ЮВО убирают берег
Военнослужащие ЮВО убирают берег - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа амшынԥшаҳәа арыцқьара азыркит Амшынеиқәа Жәларбжьаратәи амш. Иара азгәарҭоит жьҭаара 31 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik. Амшынеиқәа Жәларбжьаратәи амш азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа имҩаԥыргеит акциа "Аԥшаҳәа цқьа". Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аекологиатә "десант" Гәдоуҭа, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа рҿы аполигонқәа иахьырзааигәоу 3 километрак инарзынаԥшуа амшынԥшаҳәа дрыцқьеит", - аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Аԥхынра аамҭазы аррамаҵзурауааи рҭаацәарақәеи лассы-лассы Гәдоуҭатәи арратә база иатәу аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа рҿы арыцқьарақәа мҩаԥыргоит.

Еизырго агәамсам ықәганы аекологиатә нормақәа ирықәшәо ирбылуеит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура.

Амшынеиқәа Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит жьҭаара 31 рзы. 1996 шықәса, абри амш азы Стампыл Урыстәыла, Украина, Болгариа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Қырҭтәыла рнапхгара рхаҭарнакцәа Амшынеиқәа ахьчаразы астратегиатә план рнапы аҵарҩит. Убри нахыс есышықәса Амшынеиқәа Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит жьҭаара 31 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0