"Жәаҩа-ҩык аԥацәа имоуп, амшын аҵан ахан изгылоуп": амшын анцәахәы изкны

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраамшын
амшын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан аԥсуаа ирымаз амшын анцәахәы изкны аматериал азлырхиеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Жәытәнатә аахыс ашьхеи амшыни рыбжьара инхоз аԥсуаа ашьхақәа реиԥш амшынгьы рыԥсҭазаара адырҳәалон. Амшын ирынаҭоз амазара рхы иадырхәон, иаагозар: амшын аҿы аԥсыӡ ркуан, амшынӡы афатәҟаҵараҿы зда ԥсыхәа ыҟамыз аџьыкахыш алырхуан, акыр атәылақәеи аԥсуааи злеимадаз амшын мҩа акәын. Ҳәара аҭахым, абзиарақәа реиԥш аҵәгьарагьы шырзаанагоз амшын, амшын иӡхыҵуан аҭыԥантәи ауааԥсыра ашәарҭара иҭазыргылоз аӷацәа, арҳәцәа.

Отар Дзидзария - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ӡиӡариа: аԥсуаа амшын жәытәлагьы ишадҳәалаз абызшәа иаршаҳаҭуеит

Аԥсуаа рыбзазара еиԥш, рмифологиатә дунеихәаԥшраҿгьы амшын иҟанаҵоз анырра иабзоураны афольклори амифологиеи рҟны иуԥыло аперсонажцәа жәпаҩык ирыдҳәалоу ахҭысқәа мҩаԥысуеит дгьыли жәҩани рҟны еиԥш, амшын аҿгьы.

Аԥсуаа рҭоурых, рыбзазара амшын иахьазааигәаз аҟнытә зынӡа иџьашьатәым амшын астихиа иадҳәалоу анцәахәы Ҳаиҭ ицәырҵра. Ҳаиҭ дхаҵоуп, аӡә дубар, аӡә духашҭуа жәаҩа-ҩык аԥацәа имоуп. Ҳаиҭ инхарҭа ҭыԥуп амшын аҵантәи иаҳҭынра ду. Зны-зынла амшын аҵантәи иаҳҭынра ааныжьны адгьыл днықәлалоит.

Ари анцәахәы изку лакәк ишаҳәо ала, Ҳаиҭ зны Аԥсны аҳас дыҟан. Уаҩ қьиак иакәын, иқьиаразы Анцәа ҳамҭас изылаишьҭит ахьтәы хәы зқәыз абнацә ацәа. Уи ацәа ҟазшьас иамаз убри акәын, хәыцыԥхьаӡа аки аки еиԥшымызт, ашәақәа рҳәон. Ари анашанатә цәа Ҳаиҭ иааиҳәоз зегь ҟанаҵон, ианыҟанаҵалак, хәыцк алшәаны икашәон.

Ари анашанатә цәа аӡбахә заҳаз аӷарцәа зегьы Ҳаиҭ иҳәо иалагеит дрыцхрааразы. Аӡәы акы изыҟаиҵаҵыԥхьаӡа ацәа аҿынтәи ахәыцқәа алышәшәаны икаԥсон. Ишааиуаз зегь алышәшәаны ианкаԥса, Ҳаиҭгьы дыԥсит. Иԥсы нхара ҳәа амшын иҭалт. Убри аахыс зны-зынлоуп ахықә ахь данҭыҵуа, ацә шәкәакәа асахьа иманы. Уи ацә деиԥшны амшын данҭыҵлак, иаанаго дук мырҵыкәа аибашьра ҟалоит ауп. Даҽа зныхгьы дҽыхәаны дҭыҵуеит. Ҳаиҭ дҽыхәаны амшын иҭыҵра зызҳәо дук мырҵыкәа аӡхыҵра, ма адгьылҵысра ҟалоит ауп.

ашьха ӡиас - Sputnik Аҧсны
Аӡы амчра, мамзаргьы "Аӡы иҭоу" ҳәа аныҳәара шыҟарҵо

Афольклорист, аҵарауаҩ Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҿы иҩуан: "Ҳаиҭ ихаҿсахьа ҭызҵааз аҵарауаа алкаа иҟарҵаз ала, уи аԥхьаӡа амра агылареи амра аҭашәареи рынцәахәы иакәын. Зназы ԥсы зханы иҟаз зегьы, иԥсхьазгьы, амшынгьы дрынцәахәын. Ажәытә дунеихәаԥшышьақәа рыла, ашьхақәа рҟынтәи илеиуаз аӡқәа зегьы атыша дуӡӡа иҭыҩрны Ҳаиҭ амшын аҿтәи иаҳҭынраҿы иеизон".

Ҵабыргуп, иахьа шьҭа хыхь зыӡбахә ҳәоу анцәахәы, анцәаратә ҟазшьа ицәыӡхьеит. Хаҭала идҳәалоу ныҳәаракгьы, ҵаскгьы ажәлар рҿы шамаха иуԥыхьашәом, уажәы еиҳараӡак лакәтә персонажк иаҳасабалоуп дшуԥыло. Убас шакәугьы, иара ихаҿсахьа иадубалартә иҟоуп ажәытәӡа зны амшын анцәахәыс дшыҟаз ацәаара.

Амшын нцәахәы Ҳаиҭ изку аԥсуа жәытә мифтә гәаанагареи иара иӡбахә зҳәо алакәи акыр еиҭарсны акәзаргьы инарҭбааны ахархәара аиуит ашәҟәыҩҩы Нелли Ҭарԥҳа лроман-дилогиа "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" аҿы. Агәаҳәара змоу шәаԥхьарц шәылшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0