Аԥсны ахада аминистрцәа раҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада аминистррақәеи аҳәынҭеилакқәеи рнапхгаҩцәа раҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит жьҭаара 31 рзы.

АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аминистррақәеи аҳәынҭеилакқәеи рнапхгаҩцәа раҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит жьҭаара 31 рзы ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Жьҭаарамза 31 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа лзы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

Кабинет министров республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура аиҭакрақәа алагалахеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрс дҟаҵоуп Ҭамаз Ҵахнакиа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Адемографиеи арепатриациеи рминистрс даҭоуп Беслан Дбар.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси Афинансқәа рминистрси дҟаҵоуп Џьансыхә Нанба.

Ареспублика ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс – Даур Кәырмазиа.

Акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы ахада –Авҭондил Гарцкьиа. Ареспублика ақыҭанхамҩаз аҳәынҭеилакы ахадас –Амиран Какалиа.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрс –Лев Кәыҵниа.

Уаанӡа атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аԥыза-министрс Бганба Валери иҟалараз аусԥҟа инапы аҵеиҩхьан, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс деиҭеит Даур Аршба.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрс ихьӡ ҳәоуп Мираб Кьышьмариа. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Гарри Аршба. Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дшыҟаз даанхеит Даур Ақаҩба. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс ихьӡ ҳәоуп Гурам Инаԥшьба. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа неигӡоит Кан Кәарҷиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0