Хымз рыҩныҵҟа: аминистрцәа реилазаара аиҿкаараз аҿҳәара

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит жьҭаара 9 рзы. Аминистрцәа реилазаара аиҿкаараз аҿҳәарақәеи ииасыз ахәышықәса рыҩныҵҟа уа еиҭакрақәас иҟази ртәы Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны атәыла ахада Аминистрцәа реилазаара еизигоит аҭоубашьҭаҵара данахыс адырҩаҽны. Жьҭаара 10 рзы аиҳабыра рлахәылацәа зегьы официалла рнапынҵақәа шьҭарҵоит.

Абри азы адокумент аԥыза-министр инапы аҵеиҩуеит, ишьақәирӷәӷәоит атәыла ахада.

Инаугурация президента Абхазии Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба имаҵура анагӡарахь инеира иазку аилатәараҟны дықәгылеит

Абри ашьҭахь хымз рыҩныҵҟа атәыла ахада аԥыза-министри аминистрцәа реилазаара алахәылацәеи шьақәирӷәӷәароуп. Убранӡа дара зегьы "аминистр инапынҵақәа назыгӡо" ҳәа русура мҩаԥыргоит.

Рауль Ҳаџьымба атәыла раԥхьа данахагыла аԥыза-министрс дҟаиҵеит Беслан Быҭәба, 2014 шықәса цәыббрамзазы. 2015 шықәса хәажәкырамзазы Быҭәба Рауль Ҳаџьымба иусԥҟала иусура дамхын.

Быҭәба ишьҭахь аԥыза-министрс аиҳабыра дырхаргылан – Артур Амқәаб. Уи иусура мҩаԥигон 2016 шықәса нанҳәамзанӡа. Амқәаб иҭыԥ аҿы диԥсахит Беслан Барцыц.

Беслан Барцыц абри аҭыԥ аҿы аус иуан 2018 шықәса рзы абри аҭыԥ ахь Геннади Гагәылиа днаргаанӡа.

2018 шықәса цәыббрамзазы Аԥснытәи аделегациа усутә визитла Шьамтәыла иҟаны ианыхынҳәуаз аамҭазы амҩатә машәыр иахҟьаны Геннади Гагәылиа дҭахоит. Абри ашьҭахь жәамш ааҵуаны Аԥсны аԥыза-министр ҳәа ихьӡ ҳәан Валери Бганба.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аихшьаалақәа инарықәыршәаны Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, иоппонент Алхас Кәыҵниа – 46,17% абжьқәа иоуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0